Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 20

Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау

Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау

Иегова аиҿкаара бзиа ибоит (1 Коринфаа 14:33). Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит ижәларгьы ибзианы еиҿкаауп ҳәа. Ишԥеиҿкаау ақьырсиантә еизара? Ҳацхраалар шԥаҳалшо ҳара зегьы аизараҿы иҟоу аиҿкаара?

1. Хадас иамада аизара?

Христос — аизара хадас дамоуп (Ефесаа 5:23). Ажәҩан аҟынтә Иисус Христос адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ижәлар инарыгӡо аус напхгара азиуеит. Иисус далихит «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» — аԥышәа змоу аизара ахылаԥшыҩцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ хәыҷ (уи иара убас Анапхгаратә хеилак ҳәа иашьҭоуп). (Шәаԥхьа Матфеи 24:45—47.) Актәи ашәышықәсазы Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ақьырсианцәа инарыгӡоз аус напхгара арҭон. Иахьагьы Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа ақьырсианцәа зегьы анапхгара рырҭоит (Аусқәа 15:2). Аха уи иаанагаӡом урҭ ахацәа ҳорганизациаҿы ихадацәоуп ҳәа. Дара еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы Иегова игәаанагара зеиԥшроу еилыркаарц азы Абиблиа ибзианы иҭырҵаауеит, насгьы Иисус инапхгара иацныҟәоит.

2. Изусҭцәада аизара ахылаԥшыҩцәа, насгьы иҟарҵозеи дара?

Аизара ахылаԥшыҩцәа — аԥышәа змоу қьырсианцәоуп. Дара Иегова ижәлар Абиблиа иану ддырҵоит, насгьы аизарақәа ирхылаԥшуеит. Ирбо аџьабаазы аԥара рзыршәаӡом. Аизара ахылаԥшыҩцәа хатәгәаԥхарала, насгьы гәыкала ауп Анцәа имаҵ шыруа, феидак алҳгандаз ҳәа акәӡам (1 Пиотр 5:1, 2). Аизара ацхырааҩцәа урҭ ирыцхраауеит, аамҭак ашьҭахь даргьы аизара ахылаԥшыҩцәас иҟалар рылшоит.

Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа аизара ахылаԥшыҩцәа шьоукы араион ахылаԥшыҩцәас иҟаларц азы иалырхуеит. Араион ахылаԥшыҩцәа аизарақәа ирҭаауеит, анапхгара рырҭарц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхырц азы. Дара аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи алырхуеит. Аха аизара ахылаԥшыҩцәас, насгьы аизара ацхырааҩцәас иалырхуа Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәо ахацәа роуп (1 Тимофеи 3:1—10, 12; Тит 1:5—9).

3. Иарбан дҵоу Иегова ишаҳаҭцәа зегьы инарыгӡо?

Аизараҿы зегьы Иегова ихьӡ дырҽхәоит, иаҳҳәап, аҭакқәа ҟарҵоит, ажәахәқәа рҳәоит, адҵақәа нарыгӡоит, насгьы ашәа рҳәоит, иара убас шаҟа рылшо аҟара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 148:12, 13.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аизара хадас иҟоу Иисус ироль шынаигӡо, аизара ахылаԥшыҩцәа иара ишиҿыԥшуа, насгьы Иисуси аизара ахылаԥшыҩцәеи ҳрыцхраалар шҳалшо.

4. Иисус днапхгаҩ бзиоуп

Иисус ҳара зегьы хаҭала зеиԥшыҟам ааԥхьара ҳаиҭоит. Шәаԥхьа Матфеи 11:28—30, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дзеиԥшра напхгаҩузеи Иисус? Инхаларц шԥеиҭаху Иисус ауаа инапхгара аҵаҟа?

Ишԥеиҿыԥшуеи аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Абиблиаҿы еилыкка иануп аизара ахылаԥшыҩцәа ирыду адҵақәа шынарыгӡалаша.

Шәаԥхьа Исаиа 32:2, насгьы 1 Пиотр 5:1—3, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы иахәома шәара, аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус иҿыԥшны, ауаа ишырхылаԥшуа аныжәбо?

  • Ишԥеиҿыԥшуеи иҵегь аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус?

5. Аизара ахылаԥшыҩцәа аҿырԥш бзиа ҳарҭоит

Дыззыԥшузеи Иисус аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә? Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу дара ирыду адҵақәа? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Иисус аизараҿы аҭакԥхықәрақәа зду рзы дҿырԥшыгоуп. Шәаԥхьа Матфеи 23:8—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еиԥшума Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа рхы мҩаԥыргалар шрыхәҭоу иазкны иануи адиннапхгаҩцәа рхымҩаԥгашьеи? Иахышәҳәаауеи уи шәара?

  1. Аизара ахылаԥшыҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит, рҭаацәеи дареи Иегова иҩызцәа бзиақәа ракәзарц азы

  2. Аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы зегьы хаҭала ирыцхраауеит

  3. Аизара ахылаԥшыҩцәа еснагь ажәабжь бзиа рҳәоит

  4. Аизара ахылаԥшыҩцәа рҵаҩцәоуп. Иара убас дара Аҳратә зал аилыргареи егьырҭ аусқәеи рхы рыладырхәуеит

6. Аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрыцхраалар шҳалшо

Абиблиаҿы иануп аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрыцхраалар зхадоу. Шәаԥхьа Ауриацәа 13:17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, избан Абиблиаҿы аизара ахылаԥшыҩцәа шәырзыӡырҩла ҳәа зану?

Шәаԥхьа Лука 16:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан амаҷ аҿгьы аизара ахылаԥшыҩцәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ишаҳҭаху Анцәа ҳимҵахырхәалар ауеит».

  • Избан аизараҿы егьырҭ урывагыланы Анцәа уанимҵахырхәо бзиоуп ҳәа шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус аизара хадас дамоуп. Ҳара ҳгәырӷьаҵәа аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрыцхраауеит, избанзар дара ҳхылаԥшуеит, насгьы зегь рыла Иисус иҿыԥшуеит.

Аиҭахысра

  • Хадас иамада аизара?

  • Изаҭахузеи аизараҿы аизара ахылаԥшыҩцәа?

  • Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ирыду?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Анапхгаратә хеилаки аизара ахылаԥшыҩцәеи аизараҿы иҟоу зегьы бзиа ишырбо.

«Ашьҭашәарыцарақәа раан аишьцәа ргәы ҳарӷәӷәоит» (4:22)

Араион ахылаԥшыҩцәа рыԥсҭазаареи рмаҵзуреи иазкны еиҳаны еилышәкаа.

«Араион ахылаԥшҩы имаҵзура» (4:51)

Еилышәкаа аизара ахылаԥшыҩцәа аизараҿы зегьы ргәы шьҭырхларц азы иҟарҵо.

«Христианские старейшины — сотрудники, содействующие нашей радости» («Ахьчаратә бааш», ианвар 15, 2013, аурыс)