Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 21

Ирылазҳәода ауаа ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?

Ирылазҳәода ауаа ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?

Иаарласны Иегова Иаҳра ихы иархәаны, ауаа зегьы рыуадаҩрақәа иӡбоит. Ари ажәабжь ауаа ироумҳәар залшом, избанзар даара жәабжь бзиоуп. Иисус Христос иҭахын иҵаҩцәа уи ажәабжь ауаа зегь ирзеиҭарҳәаларц! (Матфеи 28:19, 20). Ишԥанарыгӡо Иегова ишаҳаҭцәа Иисус ириҭаз адҵа?

1. Ишԥанаӡо иахьа Матфеи 24:14 аҿы иану ажәақәа?

Иисус иҳәеит: «Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит» (Матфеи 24:14). Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу ари аус игәырӷьаҵәа инарыгӡоит. Ҳара ари ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳҳәоит 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла! Зымҽхак ҭбаау ари аус анагӡаразы имаҷымкәа аџьабаа аҭахуп, насгьы уи аус ибзианы еиҿкаазароуп. Иегова ицхыраарада ари аҩыза аус анагӡара залшомызт!

2. Иҟаҳҵозеи ҳара, ари ажәабжь ауаа ираҳарц азы?

Ҳара ауаа ахьыҟоу зехьынџьара ажәабжь ҳҳәоит. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш, ҳара «ҩнаҭацыԥхьаӡа» ажәабжь ҳҳәоит (Аусқәа 5:42). Убасала есышықәса миллионҩыла ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара ҳалшоит. Зны-зынла ауаа аҩны ианҳақәымшәо ыҟоуп, убри аҟынтә ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿгьы ажәабжь ҳҳәоит. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, Иегова иӡбахәи иҳазирхиаз аԥеиԥш бзиа аӡбахәи ауаа ирзеиҭаҳҳәаларц азы.

3. Изыхәҭада ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәара?

Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зегьы Абиблиа иану ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәалароуп, уи уалс ирыдуп. Ҳара уи ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Ҳара ҳамчқәа ҳармеигӡаӡакәа ауаа ажәабжь бзиа рылаҳҳәоит, избанзар уи рыԥсҭазаара еиқәнархоит. (Шәаԥхьа 1 Тимофеи 4:16.) Ҳара уи хәыда-ԥсада иҟаҳҵоит, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Амала ишшәоуз еиԥш, амала ирышәҭала» (Матфеи 10:7, 8). Иаҳҳәо ажәабжь азыӡырҩра зҭахым ыҟоуп. Аха ҳара уеизгьы ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵӡом, избанзар иаҳҭахуп Иегова ииҭаху ҟаҳҵалар, насгьы дҳаргәырӷьалар.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа зегьы Абиблиа иану ажәабжь бзиа раҳарц азы Иегова ишаҳаҭцәа иҟарҵо, насгьы уи аус аҿы Иегова дышрыцхраауа.

4. Абиблиа иану ажәабжь бзиа ауаа зегь ираҳарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

Иегова ишаҳаҭцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәарц азы аџьабаа рацәаны ирбоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан, шәгәанала, Иегова ишаҳаҭцәа ауаа ажәабжь бзиа раҳарц азы иҟарҵо џьоушьартә изыҟоу?

Шәаԥхьа Матфеи 22:39, насгьы Римаа 10:13—15, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаанарԥшуеи ажәабжь бзиа ахьаҳҳәо иаҳзааигәоу бзиа ишаҳбо?

  • Дышԥарзыҟоу Иегова Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭазҳәо? (Шәахәаԥш ажәеинраала 15.)

5. Ҳара Анцәа аус ицаҳуеит

Ажәабжьҳәаратә ус напхгара азызуа Иегова шиакәу ҳзырбо ахҭысқәа даараӡа ирацәоуп. Иаҳҳәап, Зеландиа ҿыц инхо Пол зыхьӡу Иегова ишаҳаҭ ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аниҳәоз, ԥҳәыск диқәшәеит. Ашьжьымҭан лара Анцәа Иегова ихьӡ ҳәаны диҳәон, диҳәон лара лахь аӡә даарц. «Х-сааҭк рышьҭахь сара лышә сылагылан», — иҳәоит Пол.

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 3:9, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳдырбо ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа, ажәабжьҳәаратә ус напхгара азызуа Иегова шиакәу?

Шәаԥхьа Аусқәа 1:8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова ицхыраарада ари аус заҳзынамыгӡоз?

Ижәдыруама шәара?

Есымчыбжьа аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аизараҿы ҳара ажәабжь бзиа шаҳҳәалаша ҳҵоит. Шәнеихьоума шәара зныкыр уи аиԥыларахь? Иахышәҳәаар шәылшозеи уа имҩаԥысуа арҵаратә программа?

6. Ҳара Анцәа иҳаиҭаз адҵа наҳагӡоит

Актәи ашәышықәсазы инхоз шьоукы ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагахарц рҽазыршәон. Аха уи аамҭазы инхоз ақьырсианцәа ажәабжь бзиа аҳәаразы закәанла ирымаз азин иазықәԥон (Филиппаа 1:7). Иахьа Иегова ишаҳаҭцәагьы убас ҟарҵоит a.

Шәаԥхьа Аусқәа 5:27—42, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Избан Иегова ишаҳаҭцәа ҩнаҭацыԥхьаӡа изныҟәо?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус иҵаҩцәа адҵа риҭеит ажәабжь бзиа ажәларқәа зегьы ирыларҳәаларц. Иегова дҳацхраауеит уи аус анагӡара.

Аиҭахысра

  • Ишԥарыларҳәо ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?

  • Ишԥаанарԥшуеи ажәабжь ахьаҳҳәо иаҳзааигәоу бзиа ишаҳбо?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ажәабжьҳәаратә ус агәырӷьара узаанагалар алшома? Избан ус шәгәы изаанаго?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Иегова ишаҳаҭцәа ақалақь дуқәа рҿы ажәабжь шырҳәо.

«Париж ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы еиҿыркааз иҷыдоу ажәабжьҳәаратә программа» (5:11)

Ишԥарыцхраауеи Иегова ишаҳаҭцәа ахҵәацәа?

«Ахҵәацәа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит» (5:59)

Шәазыӡырҩы зыԥсҭазаара зегь ажәабжьҳәаратә ус иазызкыз ԥҳәыск линтервиу.

«Зегь иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа ахьалысхыз сеигәырӷьоит» (6:29)

Шәаԥхьа Иегова ишаҳаҭцәа аусӡбарҭақәа рҿы иргаз аиааирақәа рыӡбахә, насгьы урҭ ажәабжьҳәаратә ус ишацхрааз еилышәкаа.

«Проповедники Царства обращаются в суды» («Царство Бога правит!», ахы 13)

a Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа иану ажәабжь бзиа аҳәара Анцәа ихаҭа иоуп дҵас ирызҭаз. Убри аҟынтә ҳара уи аус анагӡаразы ауаа азин ҳарҭоит ҳәа ҳазыԥшӡам.