Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 22

Ишԥашәылшо Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭашәҳәар?

Ишԥашәылшо Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭашәҳәар?

Абиблиа анҭышәҵаауа, абас еиԥш иҟоу хәыцрак шәызцәырҵуазар ауеит: «Ари зегьы ираҳароуп!» Шәиашоуп. Аха убри аамҭазгьы Абиблиа иану аӡәы изеиҭаҳәара макьана ишәзымгәаӷьуазар ауеит. Шәааи ҳалацәажәап уи аганахьала ишәымоу ашәара аиааира ишәыцхраауа, насгьы шәгәырӷьаҵәа Абиблиа иану егьырҭ рзеиҭаҳәара шшәылшо.

1. Ишԥашәылшо ижәдыруа ауаа Абиблиа аҟынтә еилышәкааз рзеиҭаҳәара?

Абар Иисус иҵаҩцәа ирҳәаз: «Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам» (Аусқәа 4:20). Дара Иисус иҟынтә еилыркааз даараӡа иргәаԥхеит азы, уи зегьы ирарҳәарц рҭаххеит. Иҟалап шәаргьы ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәымазар. Ус акәзар, еилышәкааз шәҭынхацәеи шәҩызцәеи хаала ирзеиҭашәҳәарц азы алшарақәа шәыԥшаала. (Шәаԥхьа Колоссаа 4:6.)

Шәалагар шшәылшо

  • Шәыуацәа шәанрацәажәо, ус шәҳәар шәылшоит: «Сара уажәааигәа иҿыцыз ак еилыскааит».

  • Шәҩыза дычмазаҩхазар, ма аказы игәы ҭынчымзар, Абиблиа аҟынтә игәы шьҭызхыр алшо жәеинраалак изышәышьҭ, ма шәизаԥхьа.

  • Аус шәыцызуа аӡәы шәышԥаҟоу ҳәа дшәазҵаар, Абиблиа аҭҵаара аан, ма аизараҿы еилышәкааз ак изеиҭашәҳәа.

  • Шәҩызцәа идшәырба асаит jw.org.

  • Шәырҵаҩи шәареи Абиблиа анҭышәҵаауа, егьырҭгьы аашәыԥхьа, ма идшәырба асаит jw.org аҿы Абиблиа аҵара шырҭаху ала арзаҳал хадырҭәаар шрылшо.

2. Избан Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь бзиа рыцҳәара хықәкыс иқәшәыргылар зыбзиоу?

Иисус иҵаҩцәа рыуацәа рымацара ракәӡамызт ажәабжь бзиа ззеиҭарҳәоз. Иара иҵаҩцәа «иара дцарц ахьиҭахыз ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ҩыџьа-ҩыџьала иаԥхьа ишьҭит» (Лука 10:1). Ажәабжьҳәаратә ус убас ибзианы иахьеиҿкааз абзоурала, ажәабжь бзиа еиҳа еиҳаны ауаа ираҳар рылшон. Иисус иҵаҩцәа ажәабжь еицырҳәон, уи агәырӷьара ду рзаанагон (Лука 10:17). Ишәылшома шәаргьы Иегова ишаҳаҭцәа ажәабжь рыцҳәара хықәкыс иқәшәыргылар?

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа ашәара аиааира ишәыцхраар алшо, насгьы Абиблиа иану егьырҭ ианырзеиҭашәҳәо, агәырӷьара шәоурц азы иҟаҵатәу.

3. Иегова дшәыцхраауеит

Ажәабжьҳәара зхы алазырхәырц зҭаху ирҳәо ауаа ишрыдыркыло, мамзаргьы ирхырҳәаар алшо иацәшәозар ауеит.

  • Абиблиа аҭҵаара аан еилышәкааз егьырҭ рзеиҭаҳәара шәшәома? Избан?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ирыцхраазеи арҭ иқәыԥшу Иегова ишаҳаҭцәа ирымаз ашәара аиааира?

Шәаԥхьа Исаиа 41:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан Анцәа шәиҳәалар зшәыхәҭоу, ажәабжьҳәара шәшәозар?

Ижәдыруама шәара?

Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара иҟоуп уаанӡа ажәабжьҳәара ишәоз. Иаҳҳәап, уаанӡа акгьы даԥсамызшәа зхы збоз Сергеи ауаа рацәажәара ицәыцәгьан. Аха нас иара Абиблиа аҵара далагеит. Иара иҳәоит: «Исымаз ашәара саиааины, еилыскааз егьырҭ рзеиҭаҳәара салагеит. Уамашәа иубаша, ажәабжьҳәара саналага, еиҳа схы сақәгәыӷуа сҟалеит, схаҵарагьы ӷәӷәахеит».

4. Апатуқәҵара аашәырԥшла

Аӡәы Абиблиа иану ажәабжь бзиа анизеиҭашәҳәо, ишәҳәаша мацара адагьы, уи шышәҳәаша шәазхәыцла. Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:24, насгьы 1 Пиотр 3:15, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәылшо арҭ ажәеинраалақәа ирҳәо шәхы иашәырхәар, Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ианырзеиҭашәҳәо?

  • Шәҭынхацәеи шәҩызцәеи шьоукы ишәҳәо иақәшаҳаҭымхар ауеит. Шәхы шԥамҩаԥыжәгалар акәу усҟан? Иаҭахымзеи аҟаҵара?

  • Избан апатуқәҵара аарԥшны ауаҩы азҵаарақәа иҭара еиҳа изеиӷьу, абри ауп зыгәра угаша ҳәа иаҳәара аасҭа?

5. Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ианырзеиҭауҳәо, агәырӷьара уоуеит

Иегова Иисус дҵас ииҭеит ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭеиҳәаларц. Дышԥазыҟаз Иисус уи адҵа? Шәаԥхьа Иоанн 4:34, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ихәарҭоу, ихаау афатә ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, насгьы агәырӷьара инаҭоит. Избан Иисус Анцәа ииҭаху аҟаҵара, ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәарагьы уахь иналаҵаны, афатә изаҿирԥшыз?

  • Шәгәы ишԥаанаго, хәарҭас иаанагозеи ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара?

Азгәаҭа

  • Аусурамшқәа раан имҩаԥысуа аизараҿы ауаа рацәажәара шәалагарц азы ишәыцхраауа азхәыцрақәа азгәашәҭала.

  • Еилышәкаа аусурамшқәа раан имҩаԥысуа аизараҿы адҵақәа шәыманы шәықәгылаларц азы иаҭаху. Урҭ адҵақәа ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәашьа шәдырҵоит.

  • Арамкақәа «Шьоукы ирҳәоит», насгьы «Аӡәы дшәазҵаар илшоит» шәхы иархәаны, ажәабжьҳәараҿы ишәырҭар алшо азҵаарақәа рҭак аҟаҵашьа шәҽазыҟашәҵала.

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ушԥаҟоу?»

  • Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо уи, Абиблиа аҭҵаара аан еилышәкааз изеиҭашәҳәарц азы?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Абиблиа иану егьырҭ ианырзеиҭашәҳәо, агәырӷьара шәоуеит, насгьы уи аҟаҵара шәгәы ишаанаго еиԥш иуадаҩӡам.

Аиҭахысра

  • Избан егьырҭ ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара зхадоу?

  • Ишԥаҳалшо уи патуқәҵарала аҟаҵара?

  • Ишԥаҳалшо ашәара аиааира?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Абар асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц шәхы иархәаны, ажәабжь бзиа аӡәы изеиҭаҳәара ишәыцхраауа ԥшь-знеишьак.

«Ауаа асаит jw.org ахь ихьазырԥшуа абӷьыц рыдаҳгалалар шҳалшо» (1:43)

Абиблиа иану ажәабжь бзиа аиҭаҳәара ишәыцхраауа ԥшь-ҟазшьак. Еилышәкаа иарбанқәоу урҭ.

«Шәазхиоума шәара „уаакцәаҩны“ аҟалара?» («Ахьчаратә бааш», сентиабр 2020)

Шәахәаԥш Абиблиа ахәыҷқәаҵәҟьагьы ишрыцхраауа гәымшәарыла Анцәа иӡбахә аҳәара.

«Иегова агәымшәара аарԥшра дуцхраауеит» (11:59)

Ишԥарзеиҭаҳҳәари Иегова иӡбахә змаҳац ҳҭынхацәа Абиблиа иану?

«Как затронуть сердце неверующих родственников» («Ахьчаратә бааш», март 15, 2014, аурыс)