Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 26

Избан ацәгьареи агәаҟрақәеи зыҟоу?

Избан ацәгьареи агәаҟрақәеи зыҟоу?

Рыцҳарак аныҟало, аӡәырҩы ирызцәырҵуеит азҵаара: «Изыҟалеи абри аҩыза?» Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Абиблиаҿы ари азҵаара аҭак ахьану!

1. Ишԥацәыригеи Аҩсҭаа адунеи аҿы ацәгьара?

Аҩсҭаа Аџьныш Анцәа диҿагылеит. Аҩсҭаа зегьы дырхагылазарц иҭаххеит, убри аҟынтә иара раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, Анцәа иҿагыларц ргәазҭеиҵеит. Аҩсҭаа ихықәкы наигӡарц азы амц иҳәеит (Аҟазаара 3:1—5). Иара Ева убас длацәажәеит, Иегова ибзиоу ак лцәиҵәахуазшәа лгәы иаанагарц. Иара убас инықәырԥшшәа иҳәеит ауаа Анцәа ииҳәо ҟарымҵалар, еиҳа насыԥ рыманы инхалоит ҳәа. Иара Ева быԥсӡом ҳәа леиҳәеит. Уи Аҩсҭаа раԥхьатәи имц акәын. Убри азоуп Абиблиаҿы Аҩсҭаа «дымцҳәаҩуп, амц абыс дамоуп» ҳәа зизҳәоу (Иоанн 8:44).

2. Иҟарҵарц ирыӡбазеи Адами Евеи?

Иегова Адами Евеи рахь ақьиара ду ааирԥшит. Иара азин риҭеит Едемтәи абаҳчаҿы иҟоу ҵлак аҟынтә ада, ашәырқәа зегь рфаларц (Аҟазаара 2:15—17). Аха дара уеизгьы уи аҵла иҿаз ашәыр рфарц рыӡбеит. Ева «иҿаз ашәыр ааҿылхын, илфеит», нас уи Адамгьы ифеит (Аҟазаара 3:6). Рҩыџьагьы Анцәа изакәан еиларгеит. Адами Евеи наӡан, убри аҟынтә ииашаны ахымҩаԥгара рцәыцәгьаӡамызт. Аха дара ишырдыруаз Анцәа иҿагылеит. Урҭ агәнаҳа ҟарҵеит, убасала иаадырԥшит инапхгара мап шацәыркыз, насгьы изыӡырҩра шырҭахымыз. Ирыдыркылаз аӡбара рыԥсҭазаараҿы агәаҟрақәа рацәаны ирзаанагеит (Аҟазаара 3:16—19).

3. Ишԥаҳныԥши ҳара Адами Евеи ирыдыркылаз аӡбара?

Адами Евеи агәнаҳа аныҟарҵа ашьҭахь, анаӡара рцәыӡит. Урҭ рынамӡара ирхылҵыз рахьгьы ииасит. Абиблиаҿы иануп Адам ила «адунеи агәнаҳа иаҵалеит, агәнаҳа аԥсра ахылҿиааит, убасала зегьы аԥсра рыхьӡеит» ҳәа (Римаа 5:12).

Ауаа ргәаҟрақәа зыхҟьо еиԥшӡам. Зны-зынла ҳхаҭа иҟаҳҵо агхақәа ирыхҟьаны ҳгәаҟуеит, зны-зынла — егьырҭ ирыхҟьаны. Иара убас ианаамҭам, насгьы иахьаҭыԥым џьара ҳахьыҟалаз иахҟьаны арыцҳара ҳақәшәоит. (Шәаԥхьа Екклезиаст 9:11.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа иахьа ари адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәеи ацәгьареи Анцәа изихарам, насгьы Анцәа ҳгәаҟрақәа дшырзыҟоу.

4. Изхараҵәҟьада ҳахьгәаҟуа?

Аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит адунеи Анцәа инапаҿы иҟоуп ҳәа. Аха уи ус аума? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Иаков 1:13, насгьы 1 Иоанн 5:19, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ихароума Анцәа ауаа ахьгәаҟуа?

5. Аҩсҭаа инапхгара иаанагаз

Шәаԥхьа Аҟазаара 3:1—6, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан мцу Аҩсҭаа ииҳәаз? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 4, 5.)

  • Ииҳәазеи Аҩсҭаа, Иегова ауаа ибзиоу ак рцәиҵәахуазшәа ргәы иаанагарц азы?

  • Ииҳәазеи Аҩсҭаа, ауаа Иегова идагьы насыԥ рыманы инхалар рылшошәа ргәы иаанагарц азы?

Шәаԥхьа Екклезиаст 8:9, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Изеиԥшрахазеи адунеи, Иегова напхгаҩыс дыҟамижьҭеи?

  1. Адами Евеи инаӡаз уаан, џьанаҭ дгьыл аҿы инхон. Аха дара Аҩсҭаа игәра ганы, Иегова ицәхьаҵит

  2. Раԥхьатәи ауаа Иегова ианиҿагыла ашьҭахь, адунеи агәнаҳаи, агәаҟрақәеи, аԥсреи рыла иҭәит

  3. Иегова агәнаҳаи, агәаҟрақәеи, аԥсреи ықәигоит. Ауаа ҿыц инаӡаны иҟалоит, џьанаҭ дгьыл аҿгьы инхалоит

6. Агәаҟрақәа ҳахьрықәшәо Иегова игәы инархьуеит

Хьаас имоума Иегова агәаҟрақәа ҳахьрықәшәо? Шәахәаԥш аҳ Давиди апостол Пиотри ирҳәаз. Шәаԥхьа Аԥсалом 31:7, насгьы 1 Пиотр 5:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Иегова агәаҟра шшәымоу шибо, насгьы дшәыцхраарц шиҭаху ахьыжәдыруа?

7. Анцәа ауаа уаҳа ахаан имгәаҟуа иҟаиҵоит

Шәаԥхьа Исаиа 65:17, насгьы Аатра 21:3, 4, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иегова ажәа ҳаиҭоит ауаа агәаҟрақәа ирзаанагаз алҵшәа бааԥсқәа зегь шықәиго, насгьы дасу ихәрақәа зегь ширӷьо. Избан уи шәгәы зарҭынчуа?

Ижәдыруама шәара?

Аҩсҭаа зегь раԥхьаӡа ииҳәаз амц Иегова ихьӡ арцәгьеит. Иара ауаа агәра рымго иҟаиҵеит Иегова узықәгәыӷыртә иҟоу, бзиа ҳазбо анапхгаҩ шиакәу. Иаарласны Иегова агәаҟрақәа зегь ыҟаӡамызшәа иқәигоит. Убас иара ихьӡ бзиа ҭигоит. Даҽакала иуҳәозар, иара инапхгара зегьы ишреиӷьу шьақәирӷәӷәоит. Иегова ихьӡ аҭгара — зегь реиҳа ихадоу усуп (Матфеи 6:9, 10).

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ауаҩы гәаҟрак дақәшәазар, Анцәа ус иҭахын азоуп».

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Адгьыл аҿы агәаҟрақәа ахьыҟоу зегь раԥхьаӡа иргыланы Аҩсҭаа Аџьныши раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, роуп изхароу. Иегова агәаҟрақәа ҳашрықәшәо анибо, уи игәы инархьуеит. Иара иаарласны урҭ агәаҟрақәа ахаангьы иҟаӡамызшәа иқәигоит.

Аиҭахысра

  • Иарбан мцу Аҩсҭаа Аџьныш Ева илеиҳәаз?

  • Ишԥаҳныԥши ҳара Адами Евеи Анцәа иахьиҿагылаз?

  • Иабантәиҳдыруеи агәаҟрақәа ҳахьрықәшәо Иегова игәы шинархьуа?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Абиблиа инақәыршәаны агәнаҳа закәу.

«Что такое грех?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа иарбан зҵаарақәоу Аҩсҭаа Аџьныш Едемтәи абаҳчаҿы ишьҭихыз.

«Почему Бог допускает страдания?» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2014, аурыс)

Имариам ари азҵаара аҭак шәгәы арҭынчыр алшоит.

«Почему произошёл холокост? Почему Бог не предотвратил его?» (авеб-статиа)

Хаҵак еиликааит ауаа рыԥсҭазаара агәаҟрақәа рыла изҭәу. Шәахәаԥш иара иҭоурых.

«Шьҭа схала сыҟаӡам» (5:09)