Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 31

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Абиблиа ихадоу темас иамоу Анцәа Иаҳра ауп. Иегова Иаҳра ихы иархәаны, адгьыл зегь џьанаҭны иҟаиҵоит. Изакәызеи Анцәа Иаҳра? Иабантәиҳдыруеи Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагахьоу? Иҟанаҵахьозеи Анцәа Иаҳра? Иҟанаҵараны иҟоузеи уи ҳаԥхьаҟа? Арҭ азҵаарақәа рҭак ари ауроки анаҩстәи ҩ-урокки рҿы ишәоуеит.

1. Изакәызеи Анцәа Иаҳра, насгьы Аҳас иамада уи?

Аҳра — ари Анцәа Иегова ишьақәиргылаз напхгароуп. Уи Аҳра Аҳас дамоуп Иисус Христос. Иара ажәҩан аҟынтә напхгара иуеит (Матфеи 4:17; Иоанн 18:36). Абиблиаҿы иҳәоуп иара наӡаӡа напхгара шиуло (Лука 1:32, 33). Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус Христос адгьыл иқәынхо зегь напхгара рзиулоит.

2. Напхгара ицзулода Иисус?

Иисус имацара иакәӡам напхгара зуло. Иара напхгара ицрулоит «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа» (Аатра 5:9, 10). Шаҟаҩы напхгара ицрулода? Иисус адгьыл аҿы данынхоз аахижьҭеи миллионҩыла ауаа қьырсианцәахеит. Аха урҭ рахьтә 144 000-ҩык роуп ажәҩан ахь ицо, Иисус напхгара ицруларц азы. (Шәаԥхьа Аатра 14:1—4.) Егьырҭ ақьырсианцәа зегь Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы инхалоит (Аԥсалом 37:29).

3. Излареиӷьузеи Анцәа Иаҳра ауаа ишьақәдыргылаз анапхгарақәа?

Иахьа аҳәынҭқарцәа бзиарак ҟаҳҵап ҳәа ргәы иҭаркыргьы, аҵыхәтәанынӡа уи анагӡара рылшаӡом. Аамҭак ашьҭахь напхгаҩык иҭыԥ аҿы зхы мацара иазхәыцуа, ауаа хьаас измам даҽа напхгаҩык дааиуеит. Аха Анцәа Иаҳра напхгаҩыс иамоу Иисус иакәзар, иара еснагь аҳра иулоит, ахаангьы иҭыԥ аҿы даҽаӡә дааиӡом. Анцәа ишьақәиргылеит ахаан аӡәгьы иқәимго Аҳра (Даниил 2:44). Иисус адгьыл зегь напхгара азиулоит. Иара ауаа еилихлаӡом, шьоукы иалкааны ибалаӡом. Иисус абзиабареи, ақьиареи, аиашареи илоуп, ауаагьы идирҵоит убас еизыҟазарц — бзиа еибабаларц, ақьиара аадырԥшларц, ииашаны егьырҭ ирызныҟәаларц. (Шәаԥхьа Исаиа 11:9.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәрыхәаԥш Анцәа Иаҳра ауаа ишьақәдыргылаз анапхгарақәа раасҭа ишеиӷьу ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

4. Адгьыл напхгара азнаулоит амч ду змоу Аҳра

Иисус Христос имоу амчра аҩыза змаз напхгаҩык адгьыл аҿы ахаан дыҟамызт. Шәаԥхьа Матфеи 28:18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Дызлареиԥшымзеи Иисус Христос егьырҭ анапхгаҩцәа?

Ауаа рнапхгаҩцәа еснагь ирыԥсахуеит, насгьы урҭ анапхгаҩцәа дара рҳәынҭқарраҿы ауп напхгара ахьыруа. Аха иахаҳҳәаар ҳалшозеи Анцәа Иаҳра? Шәаԥхьа Даниил 7:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан изыбзиоу Анцәа Иаҳра ахаан иахьықәымгахо?

  • Избан уи адгьыл зегь напхгара ахьазнауло зыбзиоу?

5. Ауаа рнапхгарақәа ԥсахтәуп

Избан ауаа рнапхгарақәа рҭыԥан Анцәа Иаҳра зыҟало? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Лҵшәас иаанагазеи ауаа рнапхгара?

Шәаԥхьа Екклезиаст 8:9, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, ауаа рнапхгарақәа Анцәа Иаҳрала иԥсахтәума? Избан ус шәгәы изаанаго?

6. Анцәа Иаҳраҿы ҳаилызкаауа анапхгаҩцәа ҟалоит

Ҳаҳ Иисус ихаҭагьы дуаҩны дыҟан, убри аҟынтә ҳаԥсыҽрақәа ибзианы еиликаауеит (Ауриацәа 4:15). Иисус напхгара ицзуло 144 000-ҩык гәыкала Анцәа имаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи — «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә» Иегова ихаҭа иалихыз ауаа роуп (Аатра 5:9).

  • Иисус напхгара ицзулои иареи уаҩны аҟазаара закәу ибзианы ирдыруеит. Шәгәы шьҭнахуама уи? Избан?

Иисус напхгара ицруларц азы Иегова еиуеиԥшым амилаҭқәа рҟынтә ахацәеи аҳәсеи алихит

7. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп

Анапхгаҩцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳрагьы азакәанқәа амоуп. Уи анапхгара аҵаҟа инхало ауаа урҭ азакәанқәа ирықәныҟәалар ауп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Изеиԥшрахози адунеи, ауаа зегьы Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәозҭгьы? a

  • Шәгәы ишԥаанаго, имоума Иегова азин Аҳра анапхгара аҵаҟа инхало ауаа изакәанқәа рыхә ршьалоит ҳәа азыԥшра? Избан ус шәгәы изаанаго?

  • Иаҳзырбозеи Анцәа изакәанқәа рыла инымхо ауаа рҽырыԥсахыр шрылшо? (Шәахәаԥш ажәеинраала 11.)

Аҳәынҭқарцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Анцәа Иаҳра — ажәҩан аҿы иҟоу напхгароуп. Уи адгьыл зегь напхгара азнаулоит.

Аиҭахысра

  • Напхгара зулода Анцәа Иаҳраҿы?

  • Избан Анцәа Иаҳра ауаа рнапхгарақәа раасҭа изеиӷьу?

  • Дыззыԥшузеи Иегова Иаҳра анапхгара аҵаҟа инхало ауаа рҟынтә?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иазгәашәҭ Иисус Аҳра ахьыҟоу иазкны ииҳәоз.

«Находится ли Царство Бога в сердце человека?» (авеб-статиа)

Избан Иегова ишаҳаҭцәа ауаа рнапхгара акәымкәа, Анцәа Иаҳра анапхгара изадгыло?

«Анцәа Иаҳра ҳазиашоуп» (1:44)

Еилышәкаа Иисус напхгара ицруларц азы Иегова иалихыз ауаа ирызкны Абиблиаҿы иану.

«Кто идёт на небо?» (авеб-статиа)

Ишԥеилылкааи ԥҳәыск абахҭа дахьҭакыз, Анцәа заҵәык шиакәу адгьыл аҿы аиашара шьақәзыргылар зылшо?

«Я узнала, что справедливость восторжествует» («Пробудитесь!», ноиабр 2011)

a Анцәа иԥҟарақәа ирызкны 3-тәи аҟәшаҿы еиҳа инарҭбааны иануп.