Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҟәша 3. Аиҭахысра

Аҟәша 3. Аиҭахысра

Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.

  1. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11.

    • Шәгәазҭазҵозеи гәыкала Иегова бзиа ибареи имаҵ ауреи?

      (Шәахәаԥш аурок 34.)

  2. Ишәыцхраар алшозеи ииашоу аӡбара адкылара, Абиблиаҿы шәгәы иҵхо азҵаара аганахьала акгьы анымзар?

    (Шәахәаԥш аурок 35.)

  3. Ишԥашәылшо еснагь аиаша аҳәара?

    (Шәахәаԥш аурок 36.)

  4. Шәаԥхьа Матфеи 6:33.

    • Ишәыцхраар шԥалшо ари апринцип, аусуреи аԥареи рганахьала аӡбара аншәыдышәкыло?

      (Шәахәаԥш аурок 37.)

  5. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо аԥсҭазаара Иегова иеиԥш пату шақәышәҵо?

    (Шәахәаԥш аурок 38.)

  6. Шәаԥхьа Аусқәа 15:29.

    • Ишԥашәылшо Иегова ашьа иазкны иҳаиҭаз азакәан ақәныҟәара?

    • Шәгәы ишԥаанаго, аҟәыӷара аҵоума уи азакәан?

      (Шәахәаԥш аурок 39.)

  7. Шәаԥхьа 2 Коринфаа 7:1.

    • Иаанагозеи цәеижьла ацқьареи ҳхымҩаԥгашьеи, ҳхәыцшьеи, ҳцәажәашьеи цқьаны ахьчареи?

      (Шәахәаԥш аурок 40.)

  8. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9, 10.

    • Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны? Шәрықәшаҳаҭума урҭ абиблиатә принципқәа?

    • Иарбан напхгароу арыжәтә аганахьала Абиблиа иаҳнаҭо?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 41, 43.)

  9. Шәаԥхьа Матфеи 19:4—6, 9.

    • Иарбан нормақәоу аҭаацәаразы Анцәа ишьақәиргылаз?

    • Избан аҭаацәара алалара ма аилыҵра закәанла изышьақәырӷәӷәатәу?

      (Шәахәаԥш аурок 42.)

  10. Иарбан ныҳәақәоу Иегова игәамԥхо? Избан изигәамԥхо?

    (Шәахәаԥш аурок 44.)

  11. Шәаԥхьа Иоанн 17:16, насгьы Аусқәа 5:29.

    • Ишԥашәылшо анеитралитет ахьчара?

    • Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аҳәынҭқарратә мчрақәа ирҳәо Анцәа изакәан иаҿагылозар?

      (Шәахәаԥш аурок 45.)

  12. Шәаԥхьа Марк 12:30.

    • Ишԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо аарԥшра?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 46, 47.)