Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 37

Абиблиа аусуреи аԥареи ирызкны иаҳәо

Абиблиа аусуреи аԥареи ирызкны иаҳәо

Ишәызцәырҵхьома агәҭынчымра аусуреи аԥареи рганахьала? Зны-зынла иаҳцәыцәгьазар алшоит ахныҟәгаразы аусуреи гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ ауреи реилагӡара. Абиблиаҿы иануп иҳацхраауа алабжьара бзиақәа.

1. Иаҳәозеи Абиблиа аусура иазкны?

Иегова иҭахуп ҳусура агәахәара ҳзаанагаларц. Абиблиаҿы иануп ауаҩы изы еиӷьу ыҟам иџьабаа изаанаго агәахәара аасҭа ҳәа (Екклезиаст 2:24). Иегова даараӡа аџьабаа ибоит. Иара ҳаиҿыԥшуазар, насгьы иҟаҳҵо аус ибзианы инаҳагӡозар, дҳаргәырӷьалоит, ҳусурагьы агәахәара ҳзаанагалоит.

Аусура ҳара ҳзы ихадоуп, аха уи Иегова имаҵ аура аасҭа еиҳа ихадахар ҳамуроуп (Иоанн 6:27). Анцәа агәра ҳиргоит имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахар, ҳаԥсҭазааразы иаҭаху зегь шҳаиҭо.

2. Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу аԥара?

Абиблиаҿы иануп аԥара ушахьчо. Аха иара убас уа иануп аԥара амацара анасыԥ шаҳнамҭо (Екклезиаст 7:12). Абиблиа аԥара мыцхәы бзиа иҳамбаларц ҳгәаҳҽаннаҵоит, насгьы иҳамоу маҷҳамшьаларц ҳабжьнагоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:5.) Иҳамоу ҳзырханы ҳанхозар, иҳамоу маҷуп ҳәа ҳхәыцлаӡом, еснагь еиҳау ҳашьҭазаалаӡом, иаҭахым ауалқәагьы ҟаҳҵалаӡом (Ажәамаанақәа 22:7). Иара убас алашыҩкратә хәмаррақәеи џьабаада ирласны амал арҳаразы иҟоу аусқәеи ирыҵоу ашәарҭарақәа ҳҽырцәаҳахьчоит.

3. Ишԥаҳалшо агәыҭбаара аарԥшра?

Иегова — агәыҭбаара злоу Нцәоуп. Ҳаргьы иара ҳаиҿыԥшлоит, агәыҭбаара ааҳарԥшуазар, насгьы егьырҭ иҳамоу рыцеиҩшара ҳазхиазар (1 Тимофеи 6:18). Ҳара иҳалшоит ҳаизара ԥарала ҳацхраалар, насгьы ацхыраара зҭаху ауаа ҳрыцхраалар, еиҳараӡак Анцәа имаҵ зуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи. Иегова изы шаҟа ҟаҳҵо акәӡам ихадоу, ихадоу уи зыҟаҳҵо ауп. Ҳхы ҳамеигӡакәа агәыҭбаара ааҳарԥшуазар, насыԥ ҳамазаауеит, Иеговагьы дҳаргәырӷьалоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 20:35.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа ҳаԥсҭазаараҿы ҳусура ҭыԥс иамазар ахәҭоу, насгьы иҳамоу маҷымшьакәа, иаҳзырханы анхашьа ҳҵар шҳалшо.

4. Шәусушьа Иегова дҳаранаклааит

Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳусушьа ианыԥшлароуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥазыҟаз Џьеисон аусура, насгьы ихы шԥамҩаԥигоз уа? Ишәгәаԥхама уи шәара?

  • Ицхрааи иара аусуреи ихадаз егьырҭ аусқәеи реилагӡара?

Шәаԥхьа Колоссаа 3:23, 24, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан ҳусура ҳшазыҟоу даара изхадоу?

Аус ҳаулароуп, аха уи Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадамзароуп

5. Иҳамоу ҳзырханы ҳанынхо, уи ҳахьчоит

Аԥара рацәаны арҳара иашьҭоу маҷҩым. Аха Абиблиа иҳабжьнаго даҽакуп. Шәаԥхьа 1 Тимофеи 6:6—8, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ҳгәы зызҭанаҵозеи Абиблиа?

Рацәак ҳамамзаргьы, насыԥ ҳамазар ҳалшоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Избан арҭ аҭаацәарақәа ӷарны ишынхогьы, насыԥ зрымоу?

Акрамоума, иҳамоу шырацәоугьы, иҵегь ҳамазарц ҳҭахызар? Иисус аҿырԥштәы ааганы, уи зшәарҭоу еиҭеиҳәеит. Шәаԥхьа Лука 12:15—21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

Шәаԥхьа, иара убас еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 10:22, насгьы 1 Тимофеи 6:10. Нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, зегь реиҳа ихадои: Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара акәу, аԥара арҳара акәу? Избан?

  • Иарбан уадаҩрақәоу еснагь аԥара арҳара иашьҭоу зықәшәо?

6. Иегова иаҭаху зегь ҳаиҭоит

Аусуреи аԥареи рганахьала ауадаҩрақәа анҳазцәырҵуа, Иегова шаҟа иӷәӷәаны игәра ҳго ааԥшуеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа уи аҩыза аҭагылазаашьақәа раан ҳхы шымҩаԥаҳгаша. Нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иарбан уадаҩрақәоу ари аиашьа дзықәшәаз?

  • Ихы шԥамҩаԥигоз имариамыз ари аҭагылазаашьаҿы?

Шәаԥхьа Матфеи 6:25—34, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Изықәиргәыӷуеи Иегова зыԥсҭазаараҿы иара зегь раԥхьа дзыргыло?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сҭаацәа ныҟәызгаларц азы ирацәаны аус зулароуп. Сара аизарақәа рахь есымчыбжьа сызныҟәаӡом».

  • Иарбан библиатә жәеинраалақәоу агәра шәзырго шәыԥсҭазаараҿы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ианхадоу иара дышшәыцхраауа?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аусуреи аԥареи хадоуп, аха уи Анцәа имаҵ аура иаҳԥырхагамзароуп.

Аиҭахысра

  • Иҳацхраауазеи аусура ииашаны азыҟазаара?

  • Избан иҳамоу ҳзырханы ҳанынхо, уи ҳзахьчо?

  • Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова дышшәыцхраало ала ишәиҭо ажәа агәра шыжәго?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иҳанаҳәома Абиблиа аԥара цәгьоуп ҳәа?

«Действительно ли деньги — зло?» (авеб-статиа)

Ишԥаҳалшо Анцәа дҳаргәырӷьалартә еиԥш аԥара ҳхы иаҳархәалар?

«Что в Библии говорится о щедрости?» (авеб-статиа)

Алашыҩкратә хәмарра цәгьара злам гәырҿыхагоума?

«Точка зрения Библии. Азартные игры» («Пробудитесь!», март 2015)

Еилышәкаа алашыҩкратә хәмаррақәа ирылахәыз, насгьы ауаа зжьоз ахаҵа шьаҭанкыла аҽыԥсахра ицхрааз.

«Я обожал скачки» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 1, 2011, аурыс)