Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 43

Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?

Иазыҟазар шԥарыхәҭоу ақьырсианцәа арыжәтә?

Адунеи аҿы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы инхо ауаа арыжәтә ишазыҟоу еиԥшӡам. Шьоукы бзиа ирбоит зны-зынла рҩызцәеи дареи ааидтәаланы маҷк ажәра. Даҽа шьоукы зынӡа ирымжәларц рыӡбеит. Иҟоуп арыжәтә зҽазыршьуагьы. Аха иаҳәозеи Абиблиа арыжәтә аганахьала?

1. Иаҳәома Абиблиа арыжәтә ажәра ҟалаӡом ҳәа?

Абиблиа арыжәтә ажәра иақәыӡбаӡом. Уа иануп аҩы Анцәа ауаа ириҭаз аҳамҭақәа ишыруаку, насгьы аҩы ауаҩы игәы арлахҿыхуеит ҳәа (Аԥсалом 104:14, 15). Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ахацәеи аҳәсеи шьоукы арыжәтә ржәуан (1 Тимофеи 5:23).

2. Иарбан гәҽанҵароу Абиблиа иаҳнаҭо арыжәтә аганахьала?

Иегова амцхә арыжәтә ажәреи аҽаршьреи дақәыӡбоит (Галатаа 5:21). Иара Иажәаҿы иануп: «Урыцымлан аҩы зҽазыршьуа» (Ажәамаанақәа 23:20). Убри аҟынтә арыжәтә ҳжәырц ҳаӡбазар, уи ҳхала ҳаныҟоу акәзаргьы, иаҭахӡам ҳхы ҳамыхәо, ма ҳгәабзиара ашәарҭара иҭанаргылартә аҟынӡа ажәра. Арыжәтә аганахьала шәхы шшәызнымкыло жәбозар, иҟалап еиҳа еиӷьзар зынӡа арыжәтә мап ацәышәкыр.

3. Ишԥааҳарԥшри егьырҭ рыӡбарақәа пату шрықәаҳҵо?

Дарбанзаалак ауаҩы ихаҭа иӡбароуп арыжәтә ижәуоу-имжәуоу. Ҳара арыжәтә иахмырҟьацәакәа изжәуа рықәыӡбара азин ҳамаӡам. Иара убас арыжәтә зжәыр зҭахым ишәжәы ҳәа рыдцалара ҳахәҭаӡам (Римаа 14:10). Аӡәы арыжәтә ауадаҩрақәа шизцәырнаго ҳдыруазар, еиӷьуп иара дахьыҟоу зынӡа иҳамжәыр. (Шәаԥхьа Римаа 14:21.) Ҳара ҳзышьҭазар ҳахәҭоу ҳара иҳахәаша акәымкәа, егьырҭ ирыхәаша ауп. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:23, 24.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Арыжәтә шәжәру-ишәымжәру, насгьы ишәжәуазар, шаҟа шәжәуа аӡбара ишәыцхраауа абиблиатә принципқәа еилышәкаа. Иара убас еилышәкаа арыжәтә аганахьала аҽынкылара шәымамзар, иҟашәҵар шәылшо.

4. Ишәжәуоу-ишәымжәуоу шәыӡба

Дышԥазыҟаз Иисус арыжәтә? Уи еилаҳкаарц азы, шәааи иаҳгәалаҳаршәап раԥхьатәи иџьашьахәы. Шәаԥхьа Иоанн 2:1—11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥарзыҟаз Иисус арыжәтәи арыжәтә зжәуаз ауааи?

  • Иисус арыжәтә мап ацәимкуазҭгьы, нас, ҳашԥарзыҟазар акәу ҳара иахмырҟьацәакәа арыжәтә зжәуа ақьырсианцәа?

Ақьырсианцәа арыжәтә ажәра азин шрымоугьы, иҟоуп аҭагылазаашьақәа арыжәтә ажәра ахьрыхәҭам. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3, анаҩс шәазхәыц ҵаҟа иаагоу афактқәа арыжәтә шәжәру-ишәымжәру аӡбара ишшәыцхраауа:

  • машьынала џьара ацара, ма техникак ала аусура шәгәы иҭоуп;

  • шәцәашәтәымкәа шәыҟоуп;

  • аҳақьым арыжәтә шәымжәын ҳәа шәеиҳәеит;

  • арыжәтә аганахьала аҽынкылара шәымаӡам;

  • азакәан арыжәтә ажәра азин шәнаҭаӡом;

  • арыжәтә аганахьала уаанӡа ауадаҩра змаз, насгьы уаҳа ижәлаӡом ҳәа зыӡбаз ауаҩы дшәыдтәалоуп.

Иаԥсоума ачараҿы ма аиҩызцәа реиԥылараҿы арыжәтә ақәыргылара? Ари авидеонҵамҭа уи иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара ишәыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Римаа 13:13, насгьы 1 Коринфаа 10:31, 32. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәыцхраауеи ари апринцип Иегова игәы иахәо аӡбара адкылара?

Дарбанзаалак ақьырсиан ижәлоу-имжәлоу иӡбароуп. Ижәлоит ҳәа иӡбазар, иахьимжәыша аҭагылазаашьақәа заа дрызхәыцроуп

5. Ишәыӡба шаҟа шәжәыр ҟало

Иегова арыжәтә ажәра азин ҳаиҭеит, аха мыцхәы анаҳжәуа, уи дақәыӡбоит. Избан? Шәаԥхьа Осиа 4:11, 18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟалар алшозеи, ауаҩы мыцхәы ижәыр?

Иҟашәҵар шәылшозеи, амцхә шәымжәырц азы? Шәхы шәақәымгәыӷлан. Иаҭахуп шаҟа шәжәуа заа иӡбаны ишәымазар. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 11:2, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан шаҟа шәжәуа заа ишәыӡбар зыбзиоу?

6. Арыжәтә ажәра шьцыларас измоу даиааир шилшо

Еилышәкаа хаҵак арыжәтә акажьра ицхрааз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ихы шԥамҩаԥигоз Дмитри ианижәуаз?

  • Илшама иара иаразнак арыжәтә ааныжьра?

  • Ицхраазеи уи ашьцылара бааԥс акажьра?

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:10, 11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан арыжәтә аҽаршьра гәнаҳа ӷәӷәоуп ҳәа изыԥхьаӡоу?

  • Ишԥаҳдырбо арҭ ажәеинраалақәа арыжәтә аҽаршьра шьцыларас измоу уи аанрыжьыр шрылшо?

Шәаԥхьа Матфеи 5:30, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ажәақәа «уарӷьа напы хҵәа» иаанагоит Иегова дҳаргәырӷьалар анаҳҭаху, ак мап ацәаҳкыр шҳахәҭоу, уи ҳзымариамзаргьы. Иҟашәҵар шәылшозеи, арыжәтә ажәра шьцыларас ишәымазар? a

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 15:33, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәҩызцәа арыжәтә шаҟа шәжәуа ианырыр шԥарылшо?

АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ақьырсианцәа арыжәтә ржәыр ҟалома?»

  • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова арыжәтә ауаа агәахәара рзаанагаларц азы ириҭеит. Аха иара мыцхәы арыжәтә ажәреи аҽаршьреи дақәыӡбоит.

Аиҭахысра

  • Иаҳәозеи Абиблиа арыжәтә аганахьала?

  • Избан мыцхәы арыжәтә ажәра зшәарҭоу?

  • Ишԥаҳалшо арыжәтә аганахьала егьырҭ ирыдыркылаз аӡбара пату шақәаҳҵо аарԥшра?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ирыцхраауазеи аҿар арыжәтә ржәру-ирымжәру аӡбара?

«Арыжәтә: уи унанагар ахьалшо уазхәыцла» (2:31)

Ишәыцхраар алшозеи, арыжәтә ажәра шьцыларас ишәымазар?

«Развивайте правильное отношение к алкоголю» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2010, аурыс)

Ирыхәҭоума ақьырсианцәа аныҳәаҿақәа раанкылара?

«Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», февраль 15, 2007, аурыс)

Шәаԥхьа астатиа «Друг назвал меня бездонной бочкой», насгьы еилышәкаа арыжәтә ажәра шьцыларас измаз хаҵак уи ааныжьра ицхрааз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», маи 1, 2012, аурыс)

a Шьоукы арыжәтә ажәра иаҟәыҵырц азы аспециалистцәа рыцхыраара рҭахуп. Аҳақьымцәа реиҳараҩык ирҳәоит ус еиԥш иҟоу ашьцылара змоу ауаа арыжәтә зынӡа мап ацәыркыр шрыхәҭоу.