Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 46

Изаҭахузеи Анцәа иҽизкреи аӡы аҽӡаахреи?

Изаҭахузеи Анцәа иҽизкреи аӡы аҽӡаахреи?

Иегова шәыԥсҭазаара изышәкуеит, ииҭаху аҟаҵара шәара шәзы зегь реиҳа ишхадахо, насгьы иара заҵәык имаҵ шыжәуло ала ажәа ишәҭарц шәаниҳәо (Аԥсалом 40:8). Уи ашьҭахь аӡы шәыҽӡаашәхуеит. Уи ала шәыԥсҭазаара Иегова ишизышәкыз зегьы идшәырбоит. Шәыԥсҭазаара Иегова изкра — зегь раасҭа ихадоу ӡбароуп. Шәгәазҭазҵар акәзеи уи аҟаҵара?

1. Игәазҭазҵозеи ауаҩы иԥсҭазаара Анцәа изкра?

Ҳаԥсҭазаара Иегова изкра ҳгәазҭазҵо абзиабара ауп (1 Иоанн 4:10, 19). Абиблиаҿы иануп: «Бзиа дыжәбала Шәынцәа Иегова гәык-ԥсыкала, шәыԥси шәыхшыҩи иара изышәк, шәымч-шәылшара иара изы шәамеигӡалан» (Марк 12:30). Анцәа бзиа дшаҳбо ажәала мацара акәымкәа, услагьы иааҳарԥшлароуп. Иаҳҳәап, гәыкала бзиа еибабо арԥыси аԥҳәызбеи аҭаацәара еицалалоит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова гәыкала бзиа даҳбозар, ҳаԥсҭазаара иара изаҳкуеит, аӡгьы ҳаҽӡааҳхуеит.

2. Ирызирхиазеи Иегова аӡы иӡааху имаҵзуҩцәа зегьы?

Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь, шәара насыԥ змоу Иегова иҭаацәара ду шәахәҭакхоит. Уи абзоурала Иегова гәыкала бзиа шәшибо жәбалоит, шәеиҩызарагьы еиҳа иӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа Малахиа 3:16—18.) Шәара ажәҩан аҿы иҟоу Шәаб идагьы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо гәыкала Иегова бзиа дызбо, шәаргьы гәыкала бзиа шәызбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәырҳауеит. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.) Ҳәарада, аӡы шәыҽӡаашәхырц азы уи ибзианы шәҽазыҟашәҵароуп. Иегова ибзианы деилышәкаароуп, бзиа дыжәбароуп, насгьы Иԥа иахь ахаҵара еизшәырҳароуп. Анаҩс шәыԥсҭазаара Иегова изышәкроуп. Убасҟан шәара аӡы аҽӡаахра шәазхиазаауеит. Аӡы шәҽанӡаашәхлак ашьҭахь, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа шәанылоит. Анцәа Иажәаҿы иануп аӡӡаахра шәеиқәнархоит ҳәа (1 Пиотр 3:21).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәыԥсҭазаара Иегова изкреи аӡы аҽӡаахреи зхадоу.

3. Зымаҵ жәуло шәыӡба

Ажәытәан израильаа ргәы иаанагон Иеговагьы имаҵ ауреи амцнцәахәы Ваалгьы имаҵ ауреи рылшоит ҳәа. Аха Иегова урҭ рахь аԥааимбар Илиа дишьҭит, ииашамкәа рхы шымҩаԥыргоз реиҳәарц азы. Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 18:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ирыӡбар рыхәҭази израильаа?

Ҳаргьы, израильаа реиԥш, зымаҵ ҳаулаша ҳаӡбароуп. Шәаԥхьа Лука 16:13, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова имаҵ аурагьы, даҽакы ма даҽаӡәы имаҵ аурагьы зҳалымшо?

  • Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова, иара заҵәык имаҵ аура шаҳҭаху?

4. Иегова шаҟа бзиа шәибо шәазхәыцла

Иегова зыхә ҳараку аҳамҭақәа рацәаны иҳаиҭеит. Ҳара иаҳҭар ҳалшозеи? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Ишԥааирԥши Иегова шәара хаҭала бзиа шәшибо? Шәаԥхьа Аԥсалом 104:14, 15, насгьы 1 Иоанн 4:9, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбану Иегова ишәиҭаз аҳамҭақәа рҟынтә еиҳараӡак ишәгәаԥхо?

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иегова шаҟа ирацәаны аҳамҭақәа шәиҭаз шәаназхәыцуа?

Еиҳараӡак иаҳгәаԥхо ҳамҭак анҳауа, уи ҳазҭаз ҭабуп ҳәа иаҳҳәар, насгьы иаҳзыҟаиҵаз ахә шаҳшьо иҳарбар ҳҭаххоит. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 16:17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иегова шаҟа шәзыҟаиҵаз шәаназхәыцуа, иара изыҟашәҵарц ишәҭаххозеи?

5. Шәыԥсҭазаара Иегова иахьизышәкыз ахаангьы шәахьхәӡом

Шьоукы ргәы иаанагоит ахьӡ-аԥшеи, акариера бзиеи, аԥареи анасыԥ рзаанагоит ҳәа. Аха ус аума уи? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Избан ари ахаҵа, ашьапылампыл асра даара бзиа ишибозгьы, уи заанижьыз?

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашаны иҟаиҵама иԥсҭазаара ашьапылампыл акәымкәа, Иегова иахьизикыз? Избан ус шәгәы изаанаго?

Апостол Павел дқьырсианхаанӡа акариера бзиа иман. Иара еицырдыруаз арҵаҩы иҿы аиудеиаа рзакәан ҭиҵаауан. Аха иара дқьырсианхарц азы зегь аанижьит. Дахьхәыма Павел иҟаиҵаз? Шәаԥхьа Филиппаа 3:8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Павел дқьырсианхаанӡа дызҿыз зегьы ҟьамсарны изиԥхьаӡаз?

  • Иоузеи иара уи аҭыԥан?

  • Шәгәы ишԥаанаго, еиҳа еиӷьузеи: Иегова имаҵ аура акәу, даҽа хықәкык ашьҭалара акәу? Избан ус шәгәы изаанаго?

Павел дқьырсианхарц азы мап зцәикыз рацәан. Аха иоуз еиҳагьы еиҳан

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Уԥсҭазаара зегьы Анцәа изкра акгьы иаԥсам усуп».

  • Шәара шәгәы ишԥаанаго? Избан изаԥсоу ҳаԥсҭазаара Иегова изкра?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова бзиа даҳбозар, ҳаԥсҭазаара изкреи аӡы аҽӡаахреи ҳҭаххоит.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова дзаԥсоу гәыкала бзиа ибареи иара заҵәык имаҵ ауреи?

  • Дышԥарзылԥхо Иегова аӡы иӡааху имаҵзуҩцәа?

  • Ишәҭахума шәара шәыԥсҭазаара Иегова изышәкырц?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Избан еицырдыруаз ашәаҳәаҩи еицырдыруаз аспортсмени рыԥсҭазаара Иегова изыркырц зырыӡбаз?

«Аҿар рызҵаарақәа. Иззыскрызеи сыԥсҭазаара? Уаанӡатәи ҳгәаларшәо» (6:52)

Иарбан мзызқәоу иҵегь иҟоу, Иегова ҳаԥсҭазаара изкра ҳгәазҭазҵо?

«Почему нужно посвятить себя Иегове?» («Ахьчаратә бааш», ианвар 15, 2010, аурыс)

Шәахәаԥш шьоукы рыԥсҭазаара Иегова ианизырк, уи шаҟа агәырӷьара рзаанагаз.

«Сзынхо уажәшьҭа уа узоуп» (4:30)

Абиографиа «Годами я спрашивала себя: „Для чего мы живём?“» аҟынтә шәара еилышәкаауеит ԥҳәыск лыԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу азхәыцра лгәазҭазҵаз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 1, 2012, аурыс)