Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҟәша 4. Аиҭахысра

Аҟәша 4. Аиҭахысра

Еилшәырга шәырҵаҩи шәареи абарҭ азҵаарақәа.

  1. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 13:20.

    • Избан аҩызцәа аналҳхуа, аҟәышра аарԥшра зхадоу?

      (Шәахәаԥш аурок 48.)

  2. Иарбан библиатә лабжьароу ишәыцхраар алшо:

    • хаҵа бзианы ма ԥҳәыс бзианы аҟалара?

    • ан бзиа, аб бзиа, ма ахәыҷ бзиа шәакәны аҟалара?

      (Шәрыхәаԥш аурокқәа 49, 50.)

  3. Изеиԥшразар ахәҭоузеи ҳцәажәашьа, уи Иегова игәаԥхаларц азы? Иарбан цәажәашьоу Иегова игәамԥхо?

    (Шәахәаԥш аурок 51.)

  4. Иарбан библиатә принципқәоу шәҭеиҭԥши шәеилаҳәашьеи зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара ишәыцхраауа?

    (Шәахәаԥш аурок 52.)

  5. Ишԥалхтәу Иегова игәаԥхо агәырҿыхага?

    (Шәахәаԥш аурок 53.)

  6. Шәаԥхьа Матфеи 24:45—47.

    • Дызусҭада «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш»?

      (Шәахәаԥш аурок 54.)

  7. Ишԥашәылшо шәаамҭеи, шәымчи, шәԥареи шәхы иашәырхәалар, аизара шәацхрааларц азы?

    (Шәахәаԥш аурок 55.)

  8. Шәаԥхьа Аԥсалом 133:1.

    • Ишԥашәылшо аизараҿы иҟоу акзаара шәырӷәӷәалар?

      (Шәахәаԥш аурок 56.)

  9. Ишԥашәылшо Иегова иҟынтә ацхыраара шәоур, агәнаҳа ӷәӷәа ҟашәҵазар?

    (Шәахәаԥш аурок 57.)

  10. Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 28:9, насгьы иацу албаага.

    • Ишԥашәылшо гәыкала Иегова имаҵ аура, егьырҭ аҵабырг иаҿагылозар, ма аҵабырг иацәхьаҵзар?

    • Шәыԥсҭазаараҿы иԥсахтәу акрыҟоума, гәыкала Иегова имаҵ жәуларц, насгьы амцдинхаҵареи шәареи ишәзеилоу акгьы шәымамзарц азы?

      (Шәахәаԥш аурок 58.)

  11. Ишԥашәылшо ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵар?

    (Шәахәаԥш аурок 59.)

  12. Иҟашәҵаларц ишәыӡбазеи, анаҩсгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәаларц азы?

    (Шәахәаԥш аурок 60.)