Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 49

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи хаҵеи-ԥҳәыси, насыԥ рымазарц азы?

Иҟарҵалар рыхәҭоузеи хаҵеи-ԥҳәыси, насыԥ рымазарц азы?

Ҿыц еибагаз наӡаӡа насыԥ рыманы еицынхаларц рҭахуп. Убас иагьыҟалар алшоит. Иҟоуп акыр шықәса аҭаацәара иалоу имаҷҩымкәа ақьырсианцәа, дара уаанӡа еиԥш насыԥ рымоуп. Уи зыбзоуроу абиблиатә принципқәа рхы иадырхәаларц азы аџьабаа ахьырбо ауп.

1. Ирабжьнагозеи Абиблиа ахацәа?

Иегова ахаҵа аҭаацәара хадас дҟаиҵеит. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:23.) Анцәа иҭахуп ахаҵа иҭаацәа ирыхәо аӡбарақәа идикылаларц. Абиблиа ахацәа рыҳәса бзиа ирбаларц рабжьнагоит (Ефесаа 5:25). Иаанагозеи уи? Зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа ауаа ианырбогьы ианырымбогьы иԥҳәыс хаала дылзыҟоуп. Иара ԥырхагак лмоурц азы еснагь дылхылаԥшуеит, лцәаныррақәа дрызхәыцуеит, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам лымазарц азы ак лыгижьӡом (1 Тимофеи 5:8). Иара убас ахаҵа зегь раԥхьаӡа иргыланы иԥҳәыс Иеговеи лареи реиҩызара арӷәӷәара длыцхраауеит (Матфеи 4:4). Иаҳҳәап, иара иԥҳәыс Анцәа длыциҳәоит, насгьы Абиблиа длыцаԥхьоит. Ахаҵа иԥҳәыс лахь абзиабареи ақьиареи ааирԥшуазар, Иеговеи иареи реиҩызарагьы ирӷәӷәалоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:7.)

2. Ирабжьнагозеи Абиблиа аҳәса?

Анцәа Иажәаҿы иануп аԥҳәыс лхаҵа гәыкала пату иқәылҵалароуп ҳәа (Ефесаа 5:33). Иаанагозеи уи? Аԥҳәыс лхаҵа имоу аҟазшьа бзиақәа дрызхәыцлар лылшоит, насгьы рхәыҷқәеи лареи рзы шаҟа аџьабаа ибогьы дазхәыцлар лылшоит. Иара убас лара лхаҵа ииӡбо аусқәа рҿы дицхраауазароуп, хаала диацәажәозароуп, насгьы ибзианы дихцәажәозароуп, уи даҽа динхаҵарак ныҟәигозаргьы.

3. Ишԥарылшо хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәара арӷәӷәара?

Абиблиаҿы иануп: «Ҩыџьа аӡәыкны иҟалоит» (Матфеи 19:5). Ус акәзар, хаҵеи-ԥҳәыси ахаан еицәыхарахартә алдмыршароуп. Уи азы дара аамҭа еицырхыргалароуп, насгьы ргәы иҭоу аартны, хаала еибырҳәалароуп. Дара, Иегова даламҵаӡакәа, рхатә ҩыза иаасҭа аӡә дхадахар ма ак хадахар руӡом. Еиҳараӡак дара ргәырҽанызароуп, аҭаацәара изцалам аӡәи дареи мыцхәы иааигәоу аиҩызара рыбжьамларц азы.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәҭаацәара зырӷәӷәар алшо абиблиатә принципқәа.

4. Ахаҵа, уԥҳәыс бзиа дбала, насгьы улеиҷаҳала

Абиблиаҿы иануп ахацәа рыҳәса рхы еиԥш бзиа ирбалароуп ҳәа (Ефесаа 5:28, 29). Иаанагозеи уи? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс бзиа дшибо, насгьы дышлеиҷаҳауа аус аҿы аарԥшра?

Шәаԥхьа Колоссаа 3:12, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаилшо ахаҵа иԥҳәыс лахь арҭ аҟазшьақәа раарԥшра?

5. Аԥҳәыс, бхаҵа бзиа дбала, насгьы пату иқәҵала

Абиблиа иаҳәоит аԥҳәыс лхаҵа пату иқәылҵалар шлыхәҭоу, уи Иегова имаҵ иуазаргьы, имуазаргьы. Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:1, 2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҟалап шәхаҵа шәхаҵара шәыцеиҩимшозар. Ҳәарада, шәара даара ишәҭахуп уи Иегова бзиа дибарц. Ус акәзар, шәхы мҩаԥыжәгалар шԥашәыхәҭоу? Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа иӡбахә изеиҭашәҳәалар акәу, ақьиареи апатуқәҵареи аашәырԥшлар акәу? Избан ус шәгәы изаанаго?

Лассы-лассы хаҵеи-ԥҳәыси аӡбарақәа еицрыдыркылоит. Аха зны-зынла аԥҳәыс лхаҵа диқәшаҳаҭымзар ауеит. Усҟан лара илылшоит ҭынч, ҳаҭырқәҵарала лгәаанагара иалҳәар. Аха убри аамҭазгьы ибзиоуп илхалмыршҭлар аҭаацәараҿы аҵыхәтәантәи аӡбара адкыларазы Иегова азин зиҭаз ахаҵа шиакәу. Убри аҟынтә аԥҳәыс лхаҵа идикылаз аӡбара иахьынӡазалшо дадгылозароуп. Убасала лара лҭаацәараҿы аҭынчреи абзиабареи еизлырҳалоит. Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:3—5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, аԥҳәыс лхаҵа пату аниқәылҵо?

6. Шәҭаацәараҿы шәзықәшәо ауадаҩрақәа шәыриааир шәылшоит

Ауадаҩрақәа ахьыҟам аҭаацәарақәа ыҟаӡам. Убри аҟынтә хаҵеи-ԥҳәыси урҭ ауадаҩрақәа риааиразы еснагь еицхыраалароуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

  • Иаҳзырбозеи арҭ хаҵеи-ԥҳәыси хәыҷы-хәыҷла еицәыхарахо ишалагаз?

  • Иҟарҵазеи дара, рҭаацәара дырӷәӷәарц азы?

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:24, насгьы Колоссаа 3:13. Ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иӷәӷәахар шԥалшо шәҭаацәара, ари алабжьара шәхы иашәырхәар?

Абиблиаҿы иануп аӡәи-аӡәи пату еиқәаҳҵалар шҳахәҭоу. Уи иаанагоит жәа хаала ҳаицәажәалар, насгьы егьырҭ ргәаанагара пату ақәаҳҵалар шҳахәҭоу. Шәаԥхьа Римаа 12:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ииашоума раԥхьа апатуқәҵара аазырԥшыр зыхәҭоу шәхатә ҩыза иоуп ҳәа ахәыцра? Избан ус шәгәы изаанаго?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Схатә ҩызеи сареи уаанӡа еиԥш ҳаизааигәаӡам, ҳаицәыхарахеит».

  • Шәгәы ишԥаанаго, иарбан библиатә принципқәоу урҭ ирыцхраар алшо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабалар, пату еиқәырҵалар, насгьы абиблиатә принципқәа ирықәныҟәалар, насыԥ роуеит.

Аиҭахысра

  • Иҟаиҵалар илшозеи ахаҵа, иԥҳәыси иареи насыԥ рымазарц азы?

  • Иҟалҵалар лылшозеи аԥҳәыс, лхаҵеи лареи насыԥ рымазарц азы?

  • Аҭаацәара шәалазар, иарбан библиатә принципу шәҭаацәара зырӷәӷәар алшо?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иҟаиҵар илшозеи аҭаацәараҿы дасу, иҭаацәара насыԥ амазарц азы?

«Ваша семья может быть счастливой» (аброшиура)

Ашәа зцу ари авидеонҵамҭа аҟынтә еилышәкаауеит Анцәа ишәиҭо алабжьарақәа шәхы иашәырхәозар, шәҭаацәара шаҟа инасыԥхо.

«Абзиабара ӷәӷәа» (4:26)

Еилышәкаа шәхаҵа аҭаацәара ахада иеиԥш пату шиқәышәҵо аашәырԥшыр шшәылшо.

«Почему женщинам нужно подчиняться главенству?» («Ахьчаратә бааш», маи 15, 2010, аурыс)

Ишԥарылшеи ҭаацәарак ауадаҩра ӷәӷәақәа риааира, реилыҵрагьы уахь иналаҵаны?

«Анцәа ицхыраарала ҳҭаацәара еиҭашьақәҳаргылеит» (5:14)