Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 52

Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи зхадоу

Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи зхадоу

Ҳара зегьы ҳаҽшеилаҳҳәашеи, ҳахцәы шыҟаҳҵашеи, ҳҭеиҭԥши рганахьала ҳхатә гьама ҳамоуп. Абиблиа иану принципқәак ҳацхраауеит ҳҭеиҭԥш ишҳазгьамоу еиԥш иҟазарц, аха убри аамҭазгьы уи Иегова даргәырӷьаларц. Шәааи урҭ апринципқәа ҳрыхәаԥшып.

1. Иарбан принципқәоу иҳацхраауа, ҳаилаҳәашьеи ҳҭеиҭԥши зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара?

Ҳара ишахәҭоу еиԥш, ламысла-патула, ииашаны ихәыцуа реиԥш ҳҽеилаҳҳәалароуп, ҳҭеиҭԥш гәыкала Анцәа ҳашизиашоу аанарԥшларц азы (1 Тимофеи 2:9, 10). Ҳрыхәаԥшып арҭ ԥшь-принципк еиҳа инарҭбааны: 1) Ҳара ишахәҭоу еиԥш ҳҽеилаҳҳәозароуп. Иҟалап игәашәҭахьазар аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи реилаҳәашьа шеиԥшым, аха дара реилаҳәашьеи рыхцәы аҟаҵашьеи зымаҵ руа Анцәа ҳаҭыр шиқәырҵо аанарԥшуеит. 2) Ламысла-патула аҽеилаҳәара иаанагоит ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи аӡәы иҽеим агәаҳәара изцәырнамгар шахәҭоу, насгьы зегьы ҳрылнакаауа ҳҟанамҵалар шакәу. 3) Ииашаны ихәыцуа реиԥш аҽеилаҳәара иаанагоит амода иҳаднагало зегь ашьҭамлара. 4) Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи рыла еснагь иубарҭазароуп гәыкала Анцәа ҳашизиашоу. Иара убас ҳара иаҳҭахуп ҳазбо ауаа Анцәа имаҵзуҩцәа шҳакәу аилкаара рзымариазарц (1 Коринфаа 10:31).

2. Ишԥарныруеи ҳҭеиҭԥш ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

Дасу ихала иӡбоит иҽшеилеиҳәалаша. Аха ҳҭеиҭԥш егьырҭ ирнырыр шалшо ҳазхәыцлароуп. Ҳара аӡәгьы игәы иҳархьыр ҳҭахӡам. Ҳара «иаҳзааигәоу игәы ҟаҳҵарц азы хәарҭа изаазго, игәы иахәо аусқәа рыҟаҵара ҳашьҭазароуп». (Шәаԥхьа Римаа 15:1, 2.)

3. Ишԥалшо ҳҭеиҭԥш егьырҭ Иегова иеилкаара ргәанарԥхар?

Ҳара еснагь ишахәҭоу еиԥш ҳаилаҳәазарц ҳҭахуп. Аха еиҳараӡак ҳҽеилаҳәашьа еиҿкаазарц ҳҭахуп аизарахь ма ажәабжьҳәара ҳанцо. Ҳара иаҳҭахӡам ҳҭеиҭԥш ауаа ирзеиҭаҳҳәо ажәабжь бзиа азыӡырҩра ирԥырхагахар. Ҳара иаҳҭахуп ҳҭеиҭԥш ауаа аҵабырг аилкаара ирыцхрааларц, насгьы Ҳанцәа иҵарақәа арԥшӡаларц (Тит 2:10).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа ҳҭеиҭԥши ҳҽеилаҳәашьеи ауаа ҳашқьырсианцәоу аилкаара ирыцхрааларц азы иҟаҳҵар ҳалшо.

Ҳҽеилаҳәашьала амчра змоу ауаа пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшыр ҳалшоит. Иегова ҳгәы иҭоу ибоит, насгьы пату шиқәаҳҵо идыруеит, аха иара иҭахуп ҳҽеилаҳәашьагьы уи аанарԥшларц

4. Ҳҭеиҭԥш еиҿкаазар, Иегова пату шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит

Ҳгәазҭазҵозеи ҳҭеиҭԥш ацклаԥшра зегь раԥхьаӡа иргыланы? Шәаԥхьа Аԥсалом 47:2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иегова имаҵзуҩцәа ҳакәзар, ишԥаныԥшлар акәу уи ҳҭеиҭԥш?

  • Ихадоума аизарақәа рахь ҳанцо, насгьы ажәабжьҳәара ҳанҭыҵуа, ҳаилаҳәашьеи ҳҭеиҭԥши зеиԥшроу? Избан ус шәгәы изаанаго?

5. Иҳацхраауазеи ҳаилаҳәашьеи ҳҭеиҭԥши зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Иаҳшәаҳҵо шаҟа иаԥсоу акәӡам ихадоу. Ҳамаҭәа ахә цәгьазаргьы, ицәгьамзаргьы, уи цқьазароуп, еиҿкаазароуп, насгьы аҭагылазаашьа ианаалозароуп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:24, иара убас 1 Тимофеи 2:9, 10, насгьы ишәҳәа ҳамаҭәа:

  • еиҿкаазар захәҭоу, насгьы аҭагылазаашьа ианаалозар закәу;

  • ауаа иҽеим ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи рызцәырнамгалар захәҭоу (иаҳҳәап, мыцхәы иахьҭарххацәоу, ма мыцхәы иахьаарту иахҟьаны).

Ақьырсианцәа Моисеи изакәан ақәныҟәара шрыхәҭамгьы, уи азакәан Иегова ихәыцшьа ҳаилнаркаауеит. Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 22:5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан ахаҵа аԥҳәыс длеиԥшны, ма аԥҳәыс ахаҵа диеиԥшны дҟазҵо амаҭәеи ахцәыҟаҵашьеи ҳҽырцәаҳахьчалар зҳахәҭоу?

Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:32, 33, насгьы 1 Иоанн 2:15, 16, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан ҳҭеиҭԥш иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала ҳахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу ауаа ргәаанагара, ма аизараҿы егьырҭ ргәаанагара ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

  • Иарбан ҽеилаҳәашьоу, насгьы иарбан хцәыҟаҵашьоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы еиҳараӡак иргәаԥхо?

  • Иҟоума шәахьынхо аҭыԥ аҿы ақьырсианцәа ирнаалаӡом ҳәа ишәыԥхьаӡо ҽеилаҳәашьак ма хцәыҟаҵашьак? Избан ус зышәыԥхьаӡо?

Ҳара иҳалшоит ишҳазгьамоу, аха убри аамҭазгьы Иегова дҳаргәырӷьалартә еиԥш ҳҽеилаҳҳәалар

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара ишысҭаху сҽеиласҳәоит. Аӡәгьы сиазҵааӡом».

  • Шәақәшаҳаҭума ас еиԥш иҟоу агәаанагара? Избан?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Ҳҭеиҭԥш еиҿкаазар, Иеговеи егьырҭ ауааи пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова изы ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭԥши зхадоу?

  • Иарбан принципқәоу ҳҽеилаҳәашьеи ҳҭеиҭԥши зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара иҳацхраауа?

  • Ауаа ҳҭеиҭԥш ианахәаԥшуа Иегова изы ирҳәалои?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Иранаҳәозеи шәызбо ауаа шәҭеиҭԥш?

«Как я выгляжу?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа ататуировка ҟашәҵару-иҟашәымҵару ибзианы азхәыцра зхадоу.

«Что говорится в Библии о татуировках?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа шәҽеилаҳәашьеи шәҭеиҭԥши зеиԥшразар ахәҭоу аӡбара ишәыцхраауа иҵегь иҟоу апринципқәа.

«Дҳаранакуама Анцәа шәара шәҭеиҭыԥш?» («Ахьчаратә бааш», сентиабр 2016)

Еилышәкаа ԥҳәыск егьырҭ рыҽшеиларҳәо азы уаҳа дрықәмыӡбаларц илыцхрааз.

«Одежда и внешний вид были для меня преткновением» («Пробудитесь!», декабр 22, 2003)