АУРОК 54
«Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш»
Ақьырсиантә еизара хадас иамоу Иисус Христос иоуп (Ефесаа 5:23). Уажәы Иисус ажәҩан аҿы дыҟоуп. Иара «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ила адгьыл аҿы иҵаҩцәа зегь напхгара риҭоит. (Шәаԥхьа Матфеи 24:45.) Иисус ари «амаҵуҩы» ихаҭа далихит, насгьы азин ииҭеит ӡбарақәак идикылаларц. Уи амаҵуҩы Христос иҳәатәы дацныҟәоит, насгьы Христос иашьцәа рымаҵ иуеит. Дызусҭада ари амаҵуҩы, насгьы дышԥаҳхылаԥшуеи уи ҳара зегьы?
1. Дызусҭада «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш»?
Иегова еснагь ижәлар рыбжьара аӡә далхны, ма гәыԥ хәыҷык алхны, ижәлар напхгара риҭон (Малахиа 2:7; Ауриацәа 1:1). Иисус данԥсы ашьҭахь, Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ақьырсиантә еизарақәа напхгара рырҭо иалагеит (Аусқәа 15:2). Урҭ ирҿыԥшны, иахьа аизара ахылаԥшыҩцәа рыла ишьақәгәылоу имаҷу агәыԥ — Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак — Анцәа ижәлар адоуҳатә фатә рырҭоит, насгьы ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруеит. Убри агәыԥ ауп Иисус иалихиз, убри агәыԥ ауп «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» ҳәагьы изышьҭоу (Матфеи 24:45а). Анапхгаратә хеилак иалахәу зегьы иԥшьоу адоуҳала иалху қьырсианцәоуп. Урҭ адгьыл аҿы рыԥсҭазаара анхыркәшахалак ашьҭахь, Христос жәҩантәи Иаҳраҿы аҳра ицрулоит.
2. Иарбан фатәу иҳаиҭо узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы?
Иисус узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы иеиҳәеит ақьырсианцәа «ианаамҭоу афатә риҭаларц» (Матфеи 24:45б). Иаҳфо афатә ҳамч шҭанаҵо еиԥш, насгьы ҳгәабзиара ишацхраауа еиԥш, адоуҳатә фатәгьы, даҽакала иуҳәозар, Анцәа Иажәа шьаҭас измоу амҩақәҵарақәа, Иегова гәыкала бзиа ибареи Иисус иҳаиҭаз адҵа анагӡареи иҳацхраауеит (1 Тимофеи 4:6). Уи адоуҳатә фатәы ҳауеит ақьырсиантә еизарақәеи аконгрессқәеи рыла, иара убас Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәеи авидеонҵамҭақәеи рыла. Уи зегь Анцәа игәҭакы еиҳа еиӷьны аилкаареи иареи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәареи иҳацхраауеит.
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Еилышәкаа «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дзаҳҭаху, даҽакала иуҳәозар, Анапхгаратә хеилак.
3. Иегова ижәлар ибзианы еиҿкаазароуп
Иисус Анапхгаратә хеилак ихы иархәаны Иегова ишаҳаҭцәа рус напхгара азиуеит. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа русгьы убасҵәҟьа акәын ишеиҿкааз. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.
Шәаԥхьа 1 Коринфаа 14:33, 40, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
-
Ишԥаҳдырбо арҭ ажәеинраалақәа Иегова ижәлар еиҿкааны иҟазарц шиҭаху?
4. Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы ажәабжьҳәаратә ус напхгара азиуеит
Раԥхьатәи ақьырсианцәа рзы ажәабжьҳәаратә ус зегь реиҳа ихадан. Шәаԥхьа Аусқәа 8:14, 25, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
-
Напхгара ҟазҵодаз актәи ашәышықәсазы ажәабжь бзиа шҳәатәыз, насгьы иахьҳәатәыз аганахьала?
-
Ишԥарыдыркылеи Пиотри Иоанни егьырҭ апостолцәа рҟынтә ироуз анапхгара?
Анапхгаратә хеилак еиҿнакаауа аусқәа зегь рҟынтә зегь реиҳа ихадоу ажәабжьҳәаратә ус ауп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.
Марк 13:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иисус иажәақәа иаҳдырбоит ажәабжьҳәаратә ус даараӡа ишхадоу. Шәаԥхьа-
Избан Анапхгаратә хеилак азы ажәабжьҳәаратә ус абриаҟара изхадоу?
-
Избан уи аус адунеи ахьынӡанаӡааӡо аиҿкааразы узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш дзаҭаху?
5. Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩы напхгара ҳаиҭоит
Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ақьырсианцәа анапхгара рырҭоит. Ишԥарыдыркыло урҭ аишьцәа аӡбарақәа? Шәахәаԥш актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа аӡбарақәа шрыдыркылоз. Шәаԥхьа Аусқәа 15:1, 2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
-
Иарбан зҵаароу раԥхьатәи ақьырсианцәа ирзеимакырахаз?
-
Захь ицада Павели, Варнавеи, егьырҭ аишьцәеи, уи азҵаара рыӡбарц азы?
Шәаԥхьа Аусқәа 15:12—18, 23—29, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
-
Иҟарҵазеи актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак иалахәыз аишьцәа, уи азҵаара аганахьала Анцәа игәаанагара еилыркаарц азы? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 12, 15, 28.)
Шәаԥхьа Аусқәа 15:30, 31, насгьы 16:4, 5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
-
Ишԥарыдыркылеи раԥхьатәи ақьырсианцәа анапхгаратә хеилак ирнаҭаз анапхгара?
-
Дышԥарзылԥхеи Иегова урҭ ақьырсианцәа, ироуз анапхгара иахьықәныҟәаз азы?
Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:16, насгьы Иаков 1:5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
-
Ишԥарыдыркыло иахьа аӡбарақәа Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа?
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анапхгаратә хеилак иалахәу ирҳәо шәацныҟәозар, ус анакәха, ауаа роуп шәыззыӡырҩуа».
-
Избан агәра ганы шәзыҟоу, Анапхгаратә хеилак напхгара азҭо Иисус шиакәу?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Анапхгаратә хеилак — Христос иалихыз «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» иоуп. Уи амаҵуҩы адунеи ахьынӡанаӡааӡо ақьырсианцәа анапхгареи адоуҳатә фатәи риҭоит.
Аиҭахысра
-
Далызхда «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш»?
-
Ишԥаҳхылаԥшуеи Анапхгаратә хеилак?
-
Агәра жәгома шәара Анапхгаратә хеилак — «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» шиакәу?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Еилышәкаа Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа аӡбарақәа шрыдыркыло.
«Что такое Руководящий совет Свидетелей Иеговы?» (авеб-статиа)
Еилышәкаа адоуҳатә фатә бзиа ҳауларц азы Анапхгаратә хеилак иҟанаҵо.
Ишԥазыҟоу Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа Иисус ириҭаз адҵа?
Ишԥашьақәдырӷәӷәо ҳаизарақәеи ҳконгрессқәеи Иегова Анапхгаратә хеилак ихы иархәаны анапхгареи адоуҳатә фатәи шҳаиҭо?