Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 56

Аизараҿы аҭынчра шәыманы, аӡәк иеиԥш шәыҟаз

Аизараҿы аҭынчра шәыманы, аӡәк иеиԥш шәыҟаз

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбжьара ҳаныҟоу, аҳ Давид иеиԥш ҳхы ҳбоит, иара иҳәеит: «Шаҟа ибзиоузеи, насгьы шаҟа гәахәара дуузеи аишьцәа акзаара рыманы ианеицынхо!» (Аԥсалом 133:1). Ҳакзаара машәыршақә иҟалаз усӡам. Уи зыбзоуроу ҳара зегь иаҳбо аџьабаа ауп.

1. Изларылукаауазеи Анцәа ижәлар егьырҭ?

Даҽа тәылак аҿгьы аизарахь шәнеир, уи атәыла абызшәа шәзымдыруазаргьы, шәыҩны шәыҟоушәа шәхы жәбар шәылшоит. Избан? Избанзар ҳара зегьы программак алоуп Абиблиа шҭаҳҵаауа, насгьы аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳахьынхозаалакгьы, ҳара зегьы аӡәк иеиԥш Ҳанцәа Иегова заҵәык имаҵ ҳуеит (Софониа 3:9, албаага).

2. Иҟашәҵар шәылшозеи аизараҿы аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы?

Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала» (1 Пиотр 1:22). Ишԥаҳалшо арҭ ажәақәа рықәныҟәара? Ауаа ирыгу акәымкәа, ирылоу аҟазшьа бзиақәа шәрыхәаԥшла. Шәинтересқәа шәыцеиҩызшо рыдагьы, егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрацәажәала. Иара убас ҳара ҳхы аус адаҳулалароуп, иҳалаҽны иҟоу аҟазшьа цәгьа — ауаа реилыхра — аанҳажьырц азы. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:17.) a

3. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи, аизараҿы аӡәи шәареи шәҳәоу еиқәымшәозар?

Ҳара зегьы ҭаацәарак ҳауп, аха уеизгьы инаӡам уаауп. Зны-зынла ҳгәы кеибажьыр ма ҳаибаргәаар алшоит. Убри аҟынтә Абиблиаҿы иануп: «Гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла... Иегова гәык-ԥсыкала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы егьырҭ иранашәыжьла». (Шәаԥхьа Колоссаа 3:13.) Ҳара есыҽны Иегова игәы иҳархьуеит, аха иара ҳанажьра даҟәыҵӡом. Убри аҟынтә иара иҭахуп ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иранаҳажьларц. Аӡәы дышшәыргәааз еилышәкаазар, шәеинааларц азы раԥхьа шәара ашьаҿа ҟашәҵа. (Шәаԥхьа Матфеи 5:23, 24.) b

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа шәара шәхаҭа иҟашәҵар шәылшо аизараҿы аҭынчреи акзаареи ыҟазарц азы.

Иҟашәҵар шәылшозеи аҭынчра ахьчаразы?

4. Ауаа еилышәымхлан

Ҳара иаҳҭахуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи еилымхӡакәа, зегь бзиа иаҳбаларц. Аха иаҳзымариамзар алшоит иҳаиԥшым аӡәы иҩызахара, насгьы иацәажәара. Иҳацхраар алшозеи? Шәаԥхьа Аусқәа 10:34, 35, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иегова еиуеиԥшым ауаа иҭаацәарахь идикылоит. Ус анакәха, шәырзыҟазар шԥашәыхәҭоу ишәеиԥшым ауаа?

  • Бзиа ирбома шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа реилыхра? Избан уи аҟазшьа шәҽацәышәыхьчалар зышәҭаху?

Шәаԥхьа 2 Коринфаа 6:11—13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраар алшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи, шәара ишәеиԥшымгьы уахь иналаҵаны, бзиа рбара?

5. Гәыкала ишәанеибажьла, насгьы аимак-аиҿакқәа рҭыԥ иқәышәҵала

Иегова ахаан ҳҿаԥхьа ак ихараны дҟалаӡом, убри аҟынтә ианаҳажьуа ҳәагьы акгьы ҟалаӡом, аха иара уеизгьы еснагь ҳанажьра дазхиоуп. Шәаԥхьа Аԥсалом 86:5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иҳаилнаркаауазеи ари ажәеинраала Иегова ишҳанаижьуа иазкны?

  • Ахә шәшьома шәара Иегова иахьшәанаижьуа? Избан?

  • Ианбамариам ауааи ҳареи ҳабжьара аҭынчра ахьчара?

Ишԥашәылшо Иегова шәиҿыԥшны, аизараҿы акзаара ахьчара? Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Иҟашәҵар шәылшозеи, аӡә данышәзымычҳауа, ма шәаниргәаауа?

Зны-зынла аӡәы игәы иҳархьыр ҳалшоит. Иҟашәҵар шәылшозеи усҟан? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иҟалҵазеи ари аиаҳәшьа, егьи аиаҳәшьеи лареи рыбжьара аҭынчра лыхьчарц азы?

6. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәашәҭала

Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы ҳанрабадыруа, ирыгу адагьы, ирылоу аҟазшьа бзиақәагьы ҳбалоит. Иҳацхраар алшозеи зегь раԥхьаӡа иргыланы рҟазшьа бзиақәа рбара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

  • Иҳацхраар алшозеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа рбара?

Иегова еиҳараӡак игәеиҭо иҳалоу аҟазшьа бзиақәа роуп. Шәаԥхьа 2 Ашықәсынҵа 16:9а, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Цәаныррас ишәызцәырҵуазеи Иегова зегь раԥхьаӡа иргыланы ишәылоу аҟазшьа бзиақәа шгәеиҭо ахьыжәдыруа?

Абриллиант ԥшӡагьы грак амазар алшоит, аха уеизгьы уи ахә ҳаракуп. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегь грак-грак рымазар алшоит, аха Иегова урҭ рыхә ҳаракны ишьоит

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Даԥсахар, ианасыжьуеит».

  • Избан еснагь егьырҭ ранажьра зҳахәҭоу?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Аизараҿы акзаара ыҟазарц азы ишәылшо ҟашәҵалоит, егьырҭ иранашәыжьлар, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи еилымхӡакәа, зегь гәыкала бзиа ижәбалар.

Аиҭахысра

  • Иҟашәҵар шәылшозеи ауаа еилышәымхларц азы?

  • Иҟашәҵозеи, аизараҿы аӡәи шәареи аилибамкаара шәыбжьалар?

  • Избан Иегова ишҳанаижьуа еиԥш егьырҭ иранашәыжьлар зышәҭаху?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Шәахәаԥш Иисус иааигаз аҿырԥштәы егьырҭ рықәыӡбара ҳаҟәыҵырц ишҳацхраауа.

«Ақды хых» (7:01)

Иҳахәҭоума аҭамзаара ашьҭаҵара, акгьы шаҳхарам агәра ганы ҳаҟазар?

«Извинения — ключ к примирению» («Ахьчаратә бааш», ноиабр 1, 2002, аурыс)

Еилышәкаа шьоукы ауаа реилымхшьа шырҵаз.

«Шәыбла иабо ала ауаа шәырмықәыӡбалан» (5:06)

Еилышәкаа аилибамкаарақәа шыӡбалатәу, аизараҿы аҭынчра еиламгарц азы.

«Аилибамкаарақәа аншәызцәырҵуа, бзиабарала ишәыӡбала» («Ахьчаратә бааш», маи 2016)

a Ацҵа 6 аҿы иануп аинфекциатә чымазара змоу иҟаиҵар ихәҭоу.

b Ацҵа 7 аҿы иануп абизнес иадҳәалоу азҵаарақәеи аиуристтә зҵаарақәеи шыӡбалатәу.