Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 58

Анаҩсгьы Иегова шәизиашаны шәаанхала

Анаҩсгьы Иегова шәизиашаны шәаанхала

Иегова гәыкала имаҵ зуа ақьырсианцәа ахаангьы иареи дареи реиҩызара ак аԥырхагахартә ма аӡә даԥырхагахартә алдыршаӡом. Агәра ганы ҳаҟоуп шәаргьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә ҳаракны ишышәшьо. Иара даараӡа пату ақәиҵоит гәыкала шәизиашаны имаҵ ахьыжәуа. (Шәаԥхьа 1 Ашықәсынҵа 28:9.) Ишәцәыуадаҩхар анбалшо Анцәа шәизиашаны аанхара, насгьы ишәыцхраар алшозеи усҟан?

1. Иҟарҵозеи шьоукы, Иегова шәиҟәыргарц азы?

Шьоукы ирҭахуп Иегова имаҵ аура шәаҟәыҵырц. Изусҭцәада урҭ? Иаҳҳәап, аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа. Урҭ иҳамоу ахаҵара ҳцәыӡырц азы Иегова иорганизациа иазкны ауаа амц рыладырҵәоит. Иара убас динхаҵарақәак рырҵаҩцәа Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны ауаа амц рыладырҵәоит. Дара ирылшо зегь ҟарҵоит агәҽанызаара змам аҵабырг иацәхьаҵырц азы. Даараӡа ишәарҭоуп урҭ рҩызцәа ауаа рацәажәара, рышәҟәқәа рыԥхьара, рсаит аҭалара, ма иҭрыжьуа авидеонҵамҭақәа рыхәаԥшра. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа рхаҵара иаԥырхагахарц зҭаху ауаа ирызкны Иисус иҳәеит: «Шәырҟәаҵ, урҭ лашәуп, арахь егьырҭ амҩа ддырбарц иаҿуп. Аха алашә алашә днеига-ааигозар, рҩыџьагьы ажра иҭаҳауеит» (Матфеи 15:14).

Аха иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи иаҳдыруа Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк уаҳа Иегова имаҵ аура иҭахымзар? Иузааигәоу аӡә иакәзар, ҳәарада, уи даараӡа угәы унархьуеит. Уи ма сара, ма Иегова ҳәа ҳаиҳәаргьы ауеит. Даараӡа ихадоуп ахаан иаҳхаҳмыршҭлар ҳара ҳзы зегь раҵкыс ихадоу гәыкала Иегова имаҵ аура шакәу (Матфеи 10:37). Убри аҟынтә ҳара Иегова иҳаиҳәо ҟаҳҵоит — ҳара уи ауаҩ ҳиацәажәаӡом. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 5:11.)

2. Ишԥаадырԥшуеи иҳадаҳкыло аӡбарақәа Иегова ҳашизиашоу?

Иегова бзиа даҳбозар, амцдинхаҵара иадҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчалоит. Ҳара иаҳҭахӡам амцдинхаҵара иадҳәалоу аусура ма аорганизациақәа ҳрыдҳәалазар. Иегова иҳәоит: «Дааншәыжь уи [иааншәыжь Вавилон Ду], сыжәлар» (Аатра 18:2, 4).

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иегова шәизиашаны имаҵ аура аӡә дышәԥырхагахар шәымур шшәылшо, насгьы Вавилон Ду ааныжьра иаанаго.

3. Анцәа изкны ауаа амц дзырҵо шәҽырцәышәыхьчала

Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, аӡәы Иегова иорганизациа иазкны иҽеим ак иҳәозар? Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 14:15, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан иҳаҳауа зегь агәра агара изаԥсам?

Шәаԥхьа 2 Иоанн 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу аҵабырг иацәхьаҵыз?

  • Аҵабырг иацәхьаҵыз хаҭала ҳармацәажәозаргьы, ишәарҭоу урҭ рҵарақәа ҳԥыхьашәар абалшо?

  • Дышԥазыҟоу Иегова, иорганизациеи иареи амц рхызҳәаауа ауаа ирҳәо ҳазыӡырҩуазар?

4. Аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазаргьы, шәара анаҩсгьы Анцәа шәизиашаны шәаанхала

Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, Иегова имаҵ зуа аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз ҳдыруазар? Ҳахәаԥшып Иегова израильаа ириҭаз Азакәан аҟынтә принципк. Шәаԥхьа Алевит 5:1.

Ари ажәеинраала ишаҳнарбо ала, аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз ҳдыруазар, уи аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭаҳҳәароуп. Аха зны агәнаҳа ҟазҵаз аизара ахылаԥшыҩцәа зегь рзеиҭеиҳәарц иаҳҳәароуп. Ирзеиҭеимҳәар, Иегова иахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит иҟалаз аизара ахылаԥшыҩцәа рзеиҭаҳәара. Ишԥаанарԥшуеи уи:

  • Иегова бзиа дшаҳбо, насгьы ҳашизиашоу?

  • агәнаҳа ҟазҵаз бзиа дшаҳбо, насгьы ҳашизиашоу?

  • аизараҿы иҟоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо, насгьы ҳашрызиашоу?

Шәашьа арыцҳара дақәшәазар, шәицхраа!

5. Иааншәыжь Вавилон Ду

Шәаԥхьа Лука 4:8, насгьы Аатра 18:4, 5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Сахыԥхьаӡалоума сара иахьа уажәраанӡа амцдинхаҵарак?

  • Салахәума даҽа динхаҵарак иадҳәалоу организациак?

  • Иадҳәалоума сусура амцдинхаҵара?

  • Иҟоума сыԥсҭазаараҿы амцдинхаҵара садызҳәало усқәак?

  • Арҭ азҵаарақәа руак аҭак ааи акәзар, иҟасҵар сыхәҭоузеи?

Ишәыдышәкыл шәыламыс цқьазарц ишәыцхраауа, насгьы Иегова шәышизиашоу шьақәзырӷәӷәо аӡбара.

Шәхы шԥамҩаԥыжәго, динхаҵарак иадҳәалоу уск азы аԥара алашәҵарц ишәыҳәар?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Сара аҵабырг иацәхьаҵыз Иегова ишаҳаҭцәа ирхырҳәаауа здыруазароуп. Усҟан аҵабырг ахьчара сылшоит».

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума ус ахәыцра? Избан ус шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц азы, ицәхьаҵыз ҳармацәажәалароуп, насгьы амцдинхаҵара ҳҽацәаҳахьчалароуп.

Аиҭахысра

  • Избан аҵабырг иацәхьаҵыз ирҳәо ҳзазымӡырҩуа, ҳзамыԥхьо, насгьы ҳзамыхәаԥшуа?

  • Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу Иегова ишаҳаҭны аанхара зҭахым?

  • Иаанагозеи амцдинхаҵара ааныжьра?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны амц шырҳәо анҳаҳауа?

«Ишәымоума шәара ашьақәырӷәӷәарақәа?» («Ахьчаратә бааш», август 2018)

Еилаҳкаар шԥаҳалшо организациак ма усурак Вавилон Ду иадҳәалоу-иадҳәаламу?

«„Аҵыхәтәантәи амшқәа раан“ Анцәа игәаԥхара анагӡараҿы шәхы шәамеигӡалан!» («Ахьчаратә бааш», октиабр 2019, абз. 16—18)

Иҟарҵозеи аҵабырг иацәхьаҵыз, ҳхаҵара дырԥсыҽырц азы?

«Амц шәҽацәышәыхьчала» (9:26)

Шәаԥхьа абиографиа «Я с детства искал Бога», насгьы еилышәкаа динхаҵарак ԥшьаҩыс иамаз аӡәы амцдинхаҵара шаанижьыз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2011, аурыс)