Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ацҵақәа

Ацҵақәа
  1.  Изакәызеи «Вавилон Ду»?

  2.  Даараны данбаҟаз Мессиа?

  3.  Ашьа рхы иахьадырхәо амедицинатә процедурақәа

  4.  Хаз-хазы анхара

  5.  Аныҳәақәа

  6.  Аинфекциатә чымазарақәа

  7.  Абизнеси аиуристтә зҵаарақәеи

 1. Изакәызеи «Вавилон Ду»?

Иабантәиҳдыруеи «Вавилон Ду» амцдинхаҵарақәа зегь шаанарԥшуа? (Аатра 17:5). Шәрызхәыц абарҭ афактқәа:

  • Уи адунеи зегь амҽхакны иамоуп. Абиблиаҿы иануп Вавилон Ду «ажәларқәеи амилаҭқәеи» ирықәтәоуп ҳәа. Уи «адгьыл аҳцәа ирхагылоу ақалақь ду» аанарԥшуеит (Аатра 17:15, 18).

  • Уи аполитикеи акоммерциеи акәӡам. Иара анықәгахо, «адгьыл аҳцәеи» «ахәаахәҭцәеи» аанхоит (Аатра 18:9, 15).

  • Уи Анцәа дызлаҟам ала даанарԥшуеит. Вавилон Ду акаҳԥы ҳәа азҳәоуп, избанзар аԥара ма даҽа феидак аиуразы аҳәынҭқарцәеи иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа бжьанаҵоит (Аатра 17:1, 2). Уи ауаа зегь ажьоит. Иара иахҟьаны иԥсыз рацәаҩуп (Аатра 18:23, 24).

13-тәи аурок, 6-тәи апункт ахь ахынҳәра

 2. Даараны данбаҟаз Мессиа?

Абиблиаҿы иануп Мессиа 69 мчыбжьы анҵлак ашьҭахь даараны дшыҟаз. (Шәаԥхьа Даниил 9:25.)

  • Ианбалагеи 69 мчыбжьы? 455 шықәсазы ҳ. ҟ. Уи ашықәсазы Неемиа Иерусалимҟа дааит ақалақь «аиҭашьақәыргыларазы» (Даниил 9:25; Неемиа 2:1, 5—8).

  • Шаҟаамҭа ицози 69 мчыбжьы? Абиблиа иану ԥааимбаражәақәак рҿы ажәа «мышкы» шықәсык аҵанакуеит (Ахыԥхьаӡарақәа 14:34; Иезекииль 4:6). Убри аҟынтә мчыбжьык — бжьышықәса ираҟароуп. Ус анакәха, 69 мчыбжьы — 483 шықәса ираҟароуп (69 мчыбжьы x 7 мшы).

  • Ианбанҵәеи 69 мчыбжьы? 455 шықәса ҳ. ҟ. аҟынтә 483 шықәса ҳаԥхьаӡар, 29 шықәса ҳ. ҳ. a ахь ҳнанагоит. Убри ашықәсазы ауп Иисус аӡы иҽанӡааих, насгьы Мессиа иакәны даныҟала! (Лука 3:1, 2, 21, 22).

15-тәи аурок, 5-тәи апункт ахь ахынҳәра

 3. Ашьа рхы иахьадырхәо амедицинатә процедурақәа

Амедицинатә процедурақәак рҿы ачымазаҩ дырхәышәтәырц азы ишьа рхы иадырхәоит. Урҭ рахьтә процедурақәак ақьырсианцәа мап ацәыркуеит. Иаҳҳәап, ақьырсианцәа ашьа рыларҵаӡом, ршьа егьырҭ ирырҭаӡом, иара убас ршьа рылхны ирҵәахӡом, ианԥырҟо зны ирыларҵарц азы (Ҩынтәзакәан 15:23).

Аха иҟоуп ақьырсианцәа зықәшаҳаҭу апроцедурақәа. Урҭ рахь иаҵанакуеит ашьа анализқәа, агемодиализ, агемодилиуциа, иԥсабаратәым ашьеикәшара аппарат ахархәара, насгьы аселл-сеивер. Абарҭ апроцедурақәа раан аума, ма ачымазаҩ ишьа илхны, даҽазны иларҵарц азы ианырымҵәахуа егьырҭ апроцедурақәа раан аума, ақьырсиан ихала иӡбароуп амедицинатә процедурақәа анизыҟарҵо, анализқәа рзы ишьа анырго, ма данырхәышәтәуа, ишьа рхы ишадырхәало. Аҳақьымцәа урҭ апроцедурақәа шыҟарҵо еиԥшӡам. Убри аҟынтә ақьырсиан дԥырҟаанӡа, ишьа анализқәа рзы иргаанӡа, ма ихәышәтәра иалагаанӡа, ишьа рхы ишадырхәо заа еиликаароуп. Шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  • Сшьа ахәҭак сылырхыр, насгьы уи аамҭала аикәшара иаҟәыҵыр, исылырхыз сшьа сцәеижь ахәҭа ауп, насгьы уи «наҟ икаҭәатәӡам» ҳәа аԥхьаӡара сыламыс иаҵанакуама? (Ҩынтәзакәан 12:23, 24).

  • Сышԥахәаԥшуеи, амедицинатә процедура аан сшьа ахәҭак сылхны, уи ԥсахрақәак азуны, анаҩс ирхынҳәны исыларҵозар, ма ахәра иақәырҵозар? Иаҵанакуама уи Абиблиа ала иааӡоу сыламыс, мамзаргьы сыламыс саргәаҟлоу?

39-тәи аурок, 3-тәи апункт ахь ахынҳәра

 4. Хаз-хазы анхара

Анцәа Иажәа хаҵеи-ԥҳәыси иранаҳәоит хаз-хазы инымхаларц. Уа еилыкка иаҳәоит ауаҩы хаз-хазы анхара иӡбаргьы, ҿыц аҭаацәара алалара азин шимам (1 Коринфаа 7:10, 11). Аха иҟоуп аҭагылазаашьақәа ақьырсиан уи аҩыза ашьаҿа ҟаимҵар ада ԥсыхәа анимам.

  • Ауаҩы иҭаацәа рныҟәгара зынӡа ианиҭахым. Ахаҵа иҭаацәа рыцхраара мап ацәикуеит, уи иахҟьаны иԥҳәыси ихәыҷқәеи фатәыда, ԥарада иаанхоит (1 Тимофеи 5:8).

  • Ауаҩы ихатә ҩыза даара гәымбылџьбарала данизныҟәо. Ауаҩы гәымбылџьбарала ихы мҩаԥигоит, уи ихатә ҩыза игәабзиареи иԥсҭазаареи ашәарҭара иҭанаргылоит (Галатаа 5:19—21).

  • Ауаҩы ихатә ҩыза Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ашәарҭара ду ианҭаиргыло. Ауаҩы ихатә ҩыза Иегова имаҵ аура алшара ииҭаӡом (Аусқәа 5:29).

42-тәи аурок, 3-тәи апункт ахь ахынҳәра

 5. Аныҳәақәа

Ақьырсианцәа Иегова дзырџьо аныҳәақәа рхы рыладырхәӡом. Аха ҭагылазаашьақәак рҿы ақьырсиан иҟаҵатәу аниӡбо, Абиблиа ала иааӡоу иламыс ишиҵанаҳәо еиԥш ихы мҩаԥигозароуп. Ҳрыхцәажәап ҿырԥштәқәак.

  • Аӡәы аныҳәа аншәыдиныҳәало. Шәара уи азы иҭабуп ҳәа иашәҳәар шәылшоит. Ауаҩы аныҳәа шәхы залашәмырхәуеи ҳәа дшәазҵаар, уи иеилшәыркаар шәылшоит.

  • Иегова имаҵ зымуа шәхатә ҩыза дшәыҳәозар ныҳәак аҽны шәҭынхацәеи шәареи шәааидтәаланы акреицышәфарц. Уахь ацара шәыламыс иаҵанакуазар, шәхатә ҩыза заа иашәҳәар шәылшоит уи аныҳәа иадҳәалоу аҵасқәа шәхы шрылашәмырхәуа.

  • Шәусура аиҳабы аныҳәа амш иадҳәалоу апремиа шәиҭар иҭахуп. Мап ацәышәкроума? Мап ацәышәымкыргьы ауеит. Иԥхьаӡома шәусура аиҳабы уи апремиа аныҳәа иахәҭакуп ҳәа? Мамзаргьы аус бзианы иахьыжәуа азы ишәиҭар иҭаху?

  • Аныҳәа аан аҳамҭа шәырҭоит. Аӡәы иҳәар илшоит: «Сара издыруеит ари аныҳәа шазгәашәымҭо, аха уеизгьы аҳамҭа шәысҭар сҭахуп». Иҟалап уи ус баша шәгәы иахәо ак шәзыҟаиҵарц иҭахызар. Аха иҟалап уи ала шәԥишәарц, ма уи аныҳәа азгәаҭара шәалеигаларц иҭахызар. Ишыҟазаалакгьы, шәхы шымҩаԥыжәго шәара шәоуп изыӡбо. Ӡбарас иҳадаҳкылозаалакгьы, ҳара иаҳҭахуп ҳаламыс цқьазарц, насгьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц (Аусқәа 23:1).

44-тәи аурок, 1-тәи апункт ахь ахынҳәра

 6. Аинфекциатә чымазарақәа

Ҳара ауаа бзиа иаҳбоит. Убри аҟынтә ҳачмазҩызар, ма аинфекциатә чымазара ҳамоуп ҳәа ҳгәы иаанагозар, уи егьырҭ идҳмырхьырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҳара ус ҟаҳҵоит, избанзар Абиблиа иану азакәан ҳақәныҟәоит: «Иузааигәоу ухы бзиа ишубо еиԥш бзиа дбала» (Римаа 13:8—10).

Дышԥақәныҟәо ичмазҩу ауаҩы ари азакәан? Аинфекциатә чымазара змоу ауаҩы егьырҭ рааигәара днеиӡом, иаҳҳәап, игәыдиҳәҳәаларц ма игәыдикыларц азы. Иара дгәааӡом, аӡәы иҭаацәа ихьчарц азы аҩныҟа уааи ҳәа иеимҳәозар. Аӡы иҽӡааихаанӡа дшычмазҩу аизара ахылаԥшыҩцәа ркоординатор иеиҳәоит, егьырҭ аӡы зыҽӡаазхуа акгьы рмыхьырц азы. Аҭаацәара алалара згәы иҭоу аинфекциатә чымазара имоуп ҳәа игәы иаанагозар, аӡәы иацәажәара далагаанӡа, ишьа анализ аиҭароуп. Убасала шәара шәхы мацара акәымкәа, егьырҭгьы шәышрызхәыцуа аашәырԥшуеит (Филиппаа 2:4).

56-тәи аурок, 2-тәи апункт ахь ахынҳәра

 7. Абизнеси аиуристтә зҵаарақәеи

Ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчар ҳалшоит, аԥара иадҳәалоу аусқәа зегьы қьаадла еиқәыршәаны ианыҟаҳҵо, уи Иегова имаҵ зуеи ҳареи ҳабжьара акәзаргьы (Иеремиа 32:9—12). Аха уеизгьы, аԥара иадҳәаланы, ма даҽа зҵаарақәак ирыдҳәаланы ақьырсианцәа аилибамкаара рыбжьалар алшоит. Усҟан дара рҳәоуеиқәымшәара зус алам аламырхәӡакәа, рус иаразнак, ҭынч ирыӡбароуп.

Аха, иаҳҳәап, амц рҳәеит, ма аӡәы иҟам-иным ала ихцәажәеит. Усҟан ишԥаҟаҵатәу? (Шәаԥхьа Матфеи 18:15—17.) Иисус иҳәеит иҟаҵатәу х-шьаҿак:

  1. Шәҽазышәшәа шәыбжьара уи аус аӡбара. (Шәахәаԥш ажәеинраала 15.)

  2. Иалымҵыр, шәрыҳәа гәыкала Анцәа имаҵ зуа аӡәык- ҩыџьак ақьырсианцәа уи аус аӡбара ишәыцхраарц. (Шәахәаԥш ажәеинраала 16.)

  3. Уеизгьы уи ауадаҩра аӡбара алымшазар, убасҟаноуп аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәанрыҳәаша. (Шәахәаԥш ажәеинраала 17.)

Аҭагылазаашьақәа реиҳарак рҿы ақьырсиан ихәҭаӡам иашьа дизашшны, аус аусӡбарҭахь анагара, избанзар уи Иегова ихьӡи аизара ахьӡи бжьнахуеит (1 Коринфаа 6:1—8). Аха иҟоуп ҭагылазаашьақәак ақьырсиан аусӡбарҭахь дашшыр анилшо, иаҳҳәап, ихатә ҩыза данилҵуа, ахәыҷқәа зааӡаша аниӡбо, алиментқәеи астраховкақәеи ршәара аганахьала азҵаарақәа аниӡбо, ибизнес анхыбгало, ма иуасиаҭ-шәҟәы иадҳәалоу азҵаара аниӡбо. Ақьырсиан ҭынч арҭ аусқәа рыӡбаразы аусӡбарҭахь арзаҳал алеиҵозар, Абиблиа иану апринципқәа еилеигаӡом.

Ақьырсиан цәгьара ӷәӷәак шыҟалаз ачынуаа иреиҳәозар, иаҳҳәап, аӡәы амш шлылыргаз, ахәыҷы ицәа шԥырҽыз, шьоукы ишрықәлаз, ишрыҵаӷьычыз, ма аӡә дшыршьыз, Абиблиа иану апринципқәа еилеигаӡом.

56-тәи аурок, 3-тәи апункт ахь ахынҳәра

a 455 шықәса ҳ. ҟ. инаркны 1 ашықәс ҳ. ҳ. аҟынӡа 454 шықәса бжьысит. 1 ашықәс ҳ. ҟ. инаркны 1 ашықәс ҳ. ҳ. аҟынӡа шықәсык ауп ибжьысыз (нольтәи ашықәс ыҟаӡамызт). 1 ашықәс ҳ. ҳ. инаркны 29 ашықәс ҳ. ҳ аҟынӡа 28 шықәса бжьысит. Иааизакны иуԥхьаӡозар, 483 шықәса ҟалоит.