Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 1—7

ИОВ 32, 33

Ианвар 1—7

Ашәа 102, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Елиуи арыцҳашьара аарԥшны Иов дизыӡырҩуеит

1. Агәҭынчымра змоу шәрыцхраала

(10 мин.)

Егьырҭ ауаа аҩызцәа реиԥш шәырзыҟаз (Иов 33:1; it-1-U 722, абз. 4).

Арыцҳашьара аашәырԥшла, насгьы ауаа шәырмықәыӡбалан (Иов 33:6, 7; w14-U 15/6 25, абз. 8—10).

Елиуи шәиҿыԥшла — ак шәҳәаанӡа, ауаҩы ибзиан шәизыӡырҩла, ишәҳәогьы шәазхәыцла (Иов 33:8—12, 17; w20.03 23, абз. 17, 18; шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 33:25. Ишԥаҳацхраауеи ари ажәеинраала ҳақәра цацыԥхьаӡа ҳҭеиҭԥш аҽахьаԥсахуа ииашаны ахәаԥшра? (w13-U 15/1 19, абз. 10).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ауаа рахь аинтерес аашәырԥшла. Иисус уи шыҟаиҵоз

(7 мин.) Ахцәажәара. Идырба АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс уахцәажәа lmd аурок 1, апунктқәа 1, 2.

5. Ауаа рахь аинтерес аашәырԥшла. Иисус шәиҿыԥшла

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 116

6. Аизара аҭахрақәа

(15 мин.)

7. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 54, Анцәа иҳәара