Ианвар 15—21
ИОВ 36, 37
Ашәа 147, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара шҳаиҭо агәра ҳзырго Анцәа игәра ҳгалар зҳалшо
(10 мин.)
Иегова наӡаӡа дыҟоуп (Иов 36:26; w15-U 1/10 13, абз. 1, 2).
Иара адгьыл аҿы аԥсҭазаара ыҟазарц азы аҟәыӷареи амчи имоуп (Иов 36:27, 28; w20.05 22, абз. 6).
Иара наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы иҟаҵалатәу ҳаиҳәоит (Иов 36:4, 22; Ин 17:3).
Анцәа ҳзықәиргәыӷуа наӡаӡатәи аԥсҭазаара агәра ахьаҳго ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит (Аур 6:19; w22.10 28, абз. 16).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
-
Иов 37:20. Ишԥеилыркаауаз ауаа ажәабжьқәеи аинформациеи абиблиатә аамҭақәа раан? (it-2-U 314, абз. 6).
-
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мф 16:1—12 (th аурок 2).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 3).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 2, апункт 5).
6. Зыгәра жәго деилшәыркаала
(5 мин.) ijwfq 57, абз. 5—15 шьаҭас измоу ажәахә. Атема: «Избан Иегова ишаҳаҭцәа ахолокост аан изрышьҭашәарыцоз?» (th аурок 18).
Ашәа 49
7. Аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа шәҽырзыҟаҵаны шәыҟаз
(15 мин.). Ахцәажәара. Имҩаԥигоит аизара ахылаԥшҩы.
Иегова иорганизациа иаҭаху зегь ҳнаҭоит, ашьа иазку Анцәа изакәан ҳақәныҟәаларц азы (Аус 15:28, 29). Уи зегь ибзианы шәхы иашәырхәома?
«Волеизъявление и доверенность относительно медицинского вмешательства» (dpa), насгьы «Удостоверение личности» (ic). Арҭ адокументқәа рҿы ауаҩы ашьалаҵара иазкны идикылаз аӡбара ануп. Аӡы зыҽӡаазххьоу ажәабжьҳәаҩцәа «Волеизъявление» алитературазы аҭакԥхықәра зду аиашьа имырхыр рылшоит. Дара зықәра наӡам рхәыҷқәа рзы «Удостоверение личности» иаҳәар рылшоит. Арҭ адокументқәа есымша ишәыцзароуп. Урҭ адокументқәа макьана ихашәмырҭәаацзар, мамзаргьы еиҭарҿыцтәзар, ҳшәыҳәоит, аамҭа мгаӡакәа уи ҟашәҵа.
«Информация для беременных» (S-401), насгьы «Информация для пациентов, которым требуется хирургическое вмешательство или химиотерапия» (S-407). Арҭ адокументқәа шәыцхраауеит аҳақьымцәа рыцхыраара аҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа рганахь ала, ашьалаҵара иазкугьы уахь иналаҵаны, заа аӡбарақәа рыдкылара. Шәара ахшара дшәоураны шәыҟазар, мамзаргьы аоперациа ҟашәҵар акәзар, ма акьыба чымазара ахәышәтәра шәалагараны шәыҟазар, ҳшәыҳәоит, аизара ахылаԥшыҩцәа иаҭаху адокумент шәырҭарц шәрыҳәа.
Ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитет (КСБ) КСБ аҿы амаҵ зуа аизара ахылаԥшыҩцәа аԥышәа рымоуп, насгьы ашьа алаҵара иазку аинформациа аҳақьымцәеи ажәабжьҳәаҩцәеи ирырҭаларц азы ҷыдала иазыҟаҵоуп. Урҭ аишьцәа шәҳақьым иацәажәар рылшоит, ашьалаҵара аҭыԥан ишәзыҟарҵар алшо иеилдыркаарц азы, насгьы, иаҭаххар, ашьалаҵарада шәыхәышәтәра иақәшаҳаҭхо аҳақьым дышәзырыԥшаар рылшоит. Урҭ аишьцәа амш аҩныҵҟа 24 сааҭ, амчыбжь аҩныҵҟа 7 мшы шәрыдҵаалалар шәылшоит. Шәара ахәышәтәырҭаҿы шәышьҭарҵараны шәыҟазар, аоперациа шәзыҟаҵатәызар, ма аҽыхәышәтәра, иаҳҳәап ахимиотерапиа, шәзыԥшызар, аамҭа мгаӡакәа КСБ аҿы амаҵ зуа аишьцәа шәрыдҵаал, шәҭагылазаашьаҿы ашьалаҵара иазку азҵаара ықәгылаӡам ҳәа шәгәы иаанагозаргьы. Уи зцәазтәымкәа иҟоу аиҳәшьцәагьы ирыҵанакуеит. КСБ аҿы амаҵ зуа аишьцәа злашәыԥшааша аинформациа аизара ахылаԥшыҩцәа ирымышәхыр шәылшоит.
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу ацхырааратә комитетқәа. Ишԥаҳацхраауеи урҭ ҳара?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Ишәыцхраар шԥалшо КСБ, аҽыхәышәтәра шәҭахызар, ма аоперациа шәзыҟаҵатәызар?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 4, абз. 9—12, ад. 34 аҿы иаагоу арамка