Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 22—28

ИОВ 38, 39

Ианвар 22—28

Ашәа 11, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иалышәхуама аамҭа Анцәа ишамҭақәа шәрыхәаԥшларц азы?

(10 мин.)

Иегова адгьыл анишоз, иҟаиҵаз ахәшьара аиҭарц азы аамҭа алихуан (Аҟ 1:10, 12; Иов 38:5, 6; w21.08 9, абз. 7).

Амаалықьцәа Иегова адгьыли ажәҩани шишоз ахәаԥшразы аамҭа алырхуан (Иов 38:7; w20.08 14, абз. 2).

Ашамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа, насгьы урҭ ҳанрызхәыцуа Иегова еиҳагьы игәра агара ҳалагоит (Иов 38:32—35; w23.03 17, абз. 8).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 38:8—10. Иҳаилдыркаауазеи арҭ ажәеинраалақәа Азакәанԥҵаҩ Иегова изкны? (it-1-U 810, абз. 1, 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ацәажәара иҭахымзар, шәеицәажәара хаала ихыркәша (lmd аурок 2, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(5 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан ааигәа сҭынха дыԥсит ҳәа уазҳәаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 1. Атема: «Ари адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәеи ауаа иаадырԥшуа аҟазшьақәеи еилыкка иаҳдырбоит иаарласны зегь аҽшаԥсахуа» (th аурок 16).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 111

7. Анцәа ишамҭақәа рыхәаԥшра ҳхы мацара азымхәыцра иҳацхраауеит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Аҩсҭаа Иов дзықәиршәаз ауадаҩрақәеи иҩызцәазшәа зхы аазырԥшуаз ауаа рыкритикеи ирыхҟьаны, иара ихы мацара дазхәыцуа, насгьы иуадаҩрақәа рыда ак имбо дҟалеит.

Аӡырҩцәа Иов 37:14 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

Иҟаиҵар акәзи Иов доуҳала иӷәӷәоу ауаҩ иеиԥш дырҩегь дхәыцларц азы?

Ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Анцәа ишамҭақәа ҳрыхәаԥшуазар, уи Иегова амч ӷәӷәа шимоу ҳханаршҭӡом, анаҩсгьы гәыкала имаҵ аура агәаҳәара ҳнаҭоит, насгьы ҳацхраара шилшо агәра ҳнаргоит (Мф 6:26).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Еилаҳкаауазеи Иов ишәҟәы аҟынтә. Аԥстәқәа». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишԥарӷәӷәо ари авидеонҵамҭа Иегова иахь ҳагәрагара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 54, Анцәа иҳәара