Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 29 — февраль 4

ИОВ 40—42

Ианвар 29 — февраль 4

Ашәа 124, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иов иҭоурых иаҳнарҵо

(10 мин.)

Иегова иидыруа аҟара шышәзымдыруа шәхашәмыршҭлан (Иов 42:1—3; w10-U 15/10 3—4, абз. 4—6).

Иеговеи иорганизациеи рҟынтә иҳауа алабжьарақәа шәрықәныҟәала (Иов 42:5, 6; w17.06 18, абз. 12).

Иегова аԥышәарақәа раан гәыкала изыҟоу дырзылԥхоит (Иов 42:10—12; Иак 5:11; w22.06 25, абз. 17, 18).

Иегова Иов гәыкала дахьизыҟаз азы дизылԥхеит

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 42:7. Изхыччодаз Иов иҩызцәа ракәушәа зхы аазырԥшуаз х-ҩык ахацәа Иов ианихыччоз? Ишԥаҳацхраауеи уи ахьаҳдыруа ҳаргьы ахыччарақәа ҳанрықәшәо? (it-2-U 141, абз. 6).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ақьырсианра ныҟәзымго ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 5, апункт 3).

5. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

6. Ажәахә

(4 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 2. Атема: «Ҳадгьыл ахаангьы иқәгахаӡом» (th аурок 13).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 108

7. Ауаа Иегова бзиа ишибо аилкаара шәрыцхраала

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иегова — дыбзиабароуп, иара имаҵзуҩцәа зегь бзиа ибоит (1Ин 4:8, 16). Ҳара ҳаигәырӷьоит ус еиԥш иҟоу Анцәа имаҵ ахьаҳуа. Ҳара иаҳҭахуп иареи ҳареи ҳаиҩызцәахар, насгьы ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалар.

Ҳара иахьынӡаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшны, ҳҭаацәара иатәуи, ҳаизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи, егьырҭ ауааи бзиа рбара ҳҽазаҳшәоит (Иов 6:14; 1Ин 4:11). Убасҟан ауаа Иегова иабадырреи изааигәахареи ҳрыцхраауеит. Ҳара абзиабара ааҳмырԥшуазар, урҭ Иегова бзиа ишибо агәра агара рцәыцәгьахоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иегова иҭаацәараҿы абзиабара закәу еилаҳкааит». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишԥаҳнарбо Леи Леи, насгьы Мими рҭоурых, абзиабара аарԥшра шаҟа ихадоу?

Иҟаҳҵалар ҳалшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова бзиа ишибо рбаларц азы?

  • Иегова зыхә ҳаракны ишьо иуасақәа реиԥш шәырзыҟаз (Аԥс 100:3).

  • Ишәҳәо ргәы шьҭнахыртә еиԥш шәцәажәала (Еф 4:29).

  • Ирыцҳашәшьала (Мф 7:11, 12).

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 126, Анцәа иҳәара