Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 8—14

ИОВ 34, 35

Ианвар 8—14

Ашәа 30, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Аиашамра ҳанақәшәо иҳацхраауа

(10 мин.)

Ишәхашәмыршҭлан: Иегова ахаан ииашамкәа ихы мҩаԥигаӡом (Иов 34:10; wp19.1-U 8, абз. 2).

Ауаа цәгьақәа иҟарҵалакгьы ауеит ҳәа угәы иаанагар алшоит; аха Иегова иҟынтә акгьы узыҵәахӡом (Иов 34:21—26; w17.04 11, абз. 5).

Аиашамра иақәшәаз рыцхрааразы зегь иреиӷьу алшара, — уи Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара ауп (Иов 35:9, 10; Мф 28:19, 20; w21.05 7, абз. 19, 20).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Иов 35:7. Ииҳәарц ииҭахызи Елиуи, «иоуазеи уи [Анцәа] уара уҟынтә» ҳәа аниҳәа? (w17.04 28, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 10, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ахәыҷқәа змоу ауаҩы изеиҭаҳәа асаит jw.org аҿы аҭаацәа рзы ихәарҭоу аинформациа шиԥшааша (lmd аурок 1, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 58

7. Шәҽалашәырхәуама иформалтәым ажәабжьҳәара?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Апостол Павел Тимофеи иеиҳәеит: «Анцәа иажәа ҳәала... уҳаҵҳаҵо уи ҟаҵала» (2Тм 4:2). «Уҳаҵҳаҵо уи ҟаҵала» ҳәа еиҭагоу абырзен ҟаҵарба зны-зынла рхы иадырхәон еснагь ихианы игылаз, змаҵзура назыгӡоз ахьчаҩ ма аруаҩ иӡбахә анырҳәоз. Арҭ ажәақәа ибзианы иаадырԥшуеит ауаҩи ҳареи ҳаицәажәара Абиблиа иазку атемахь аиагара еснагь ҳшазхиоу.

Иегова иахь иҳамоу абзиабара, насгьы иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа зегь рыхә ҳаракны иахьаҳшьо ҳгәазҭанаҵоит иҟазшьа ԥшӡақәа рыӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара.

Аӡырҩцәа Аԥсалом 71:8 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

Иегова изкны ауаа ирзеиҭашәҳәарц ишәҭахузеи?

Ауаа рахь иҳамоу абзиабарагьы иформалтәым ажәабжьҳәара аҽалархәра ҳгәазҭанаҵоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәҩыла ауаа аҵабырг шырыԥшааз». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  •   Ишԥарыцхрааи иформалтәым ажәабжьҳәара шәҩыла ауаа Абиблиа иану аҵабырг аԥшаара?

  •   Ишԥарыцхрааи аҵабырг уаанӡа ауахәамахь иныҟәоз ауаа?

  • Ишԥаҳацхраауеи ауаа рахь абзиабара, алшара шааҳаулак еиԥш ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара?

  • Шәгәы ишԥаанаго, избан иформалтәым ажәабжьҳәара — уи ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәаразы лшара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 138, Анцәа иҳәара