Февраль 19—25
АԤСАЛОМҚӘА 8—10
Ашәа 2, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. «Усырҽхәалоит Иегова»
(10 мин.)
Иегова ҳара ҳахь ақьиара дуӡӡа ааирԥшуеит (Аԥс 8:3—6; w21.08 3, абз. 6).
Ҳара Иегова иус џьашьахәқәа ауаа ирзеиҭаҳәо ирҽхәара ахьҳалшо ҳаигәырӷьоит (Аԥс 9:1; w20.05 23, абз. 10).
Иара убас ҳара Иегова дҳарҽхәоит гәыкала Аҳра ашәақәа анаҳҳәо (Аԥс 9:2; w22.04 7, абз. 13).
ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥасылшо иҵегьы Иегова ирҽхәара?»
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
-
Аԥс 8:3. Еиликаазеи Давид Анцәа ишамҭақәа данрызхәыцуаз? (w23.03 19, абз. 14).
-
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мф 18:18—35 (th аурок 11).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Анцәа дхазымҵо ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 5, апункт 4).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан Анцәа дхасҵаӡом ҳәа зҳәаз, аха Ҳазшаз дшыҟоу ала ашьақәырӷәӷәарақәа рылацәажәара мап ацәызымкуа ауаҩы иацәажәара (th аурок 7).
6. Ажәахә
(5 мин.) w21.06 6—7, абз. 15—18. Атема: «Абиблиа зшәырҵо ауаа Иегова ирҽхәашьа дшәырҵала» (th аурок 10).
Ашәа 10
7. Иформалтәым ажәабжьҳәара аан абжьааԥны ҳашцәажәо еиԥш ауаа ҳрацәажәалар шҳалшо
(10 мин.). Ахцәажәара.
Ҳара Иегова ирҽхәаразы алшарақәа рацәаны иҳамоуп, урҭ руак — амш аҩныҵҟа иаҳбо ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара ауп (Аԥс 35:28). Ҳара иформалтәым ажәабжьҳәара ҳацәшәозар ауеит. Аха аицәажәара алагашьеи уи ацҵашьеи анаҳҵалак, иформалтәым ажәабжьҳәара алҵшәа бзиақәа аанагалоит, агәырӷьарагьы ҳаулоит.
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «„Аҭынчра иазку ажәабжь бзиа“ рылашәҳәала. Ацәажәара шәара шәалагала». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
Ишәнарҵозеи ари авидеонҵамҭа иформалтәым ажәабжьҳәара аганахь ала?
Иформалтәым ажәабжьҳәара алагара ишәыцхраар алшо лабжьарақәак:
-
Аҩны шәдәылҵцыԥхьаӡа ауаа рацәажәаразы ишәоур алшо алшарақәа шәрызхәыцла. Иегова уи азы шәиҳәала, шәиҳәа шәзыӡырҩра зҭаххо ауаа шәықәиршәарц.
-
Ҩызак иеиԥш шәцәажәала, насгьы ишәԥыло ауаа рахь гәыкала аинтерес аашәырԥшла. Шәазхәыц, Абиблиа аҟынтә иарбан зхәыцроу ауаҩы игәаҵанӡа инеир алшо.
-
Ауаҩы мап имкуазар, шәызлеибаԥшааша еибышәҳәа.
-
Абиблиа аӡбахә аҳәара шәахьӡаанӡа ауаҩы дцазар, шәгәы кашәмыжьын.
-
Шәеицәажәара ашьҭахьгьы ауаҩы шәизхәыцла. Аамҭа изышәкла. Мап имкуазар, иаҳҳәап Абиблиа аҟынтә жәеинраалак ахь, ма асаит jw.org аҟынтә статиак ахь азхьарԥш изышәышьҭыр шәылшоит.
Алабжьара. Аԥсшьарамшқәа шԥашәхыжәгеи ҳәа ишәазҵаар, аизараҿы ишәаҳаз зхәыцрак еиҭашәҳәа, ма ажәабжь бзиа шышәҳәоз шәҳәа.
8. Аизара аҭахрақәа
(5 мин.)
9. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 6, абз. 1—8; 2-тәи аҟәшахьы алагала