Ианвар 20—26
АԤСАЛОМҚӘА 138, 139
Ашәа 93, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Шәгәы хыҭхыҭуазаргьы, уи шәԥырхагахартә алшәмыршан
(10 мин.)
Ҳара гәык-ԥсыкала Иегова ихьӡ ҳараҳкларц ҳҭахуп (Аԥс 138:1).
Аизараҿы аҭакқәа рыҟаҵара шәацәшәозар, Иегова шәиқәгәыӷла — иара дшәыцхраауеит (Аԥс 138:3).
Шәгәы ахьхыҭхыҭуа иаанарԥшуеит аҟазшьа бзиақәа шшәылоу (Аԥс 138:6; w19.01 10, абз. 10).
АЛАБЖЬАРА. Иааркьаҿны аҭак ҟашәҵала — уи рацәак шәгәы мхыҭхыҭларц ишәыцхраауеит (w23.04 21, абз. 7).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
-
Аԥс 139:21, 22. Уалс ирыдума ақьырсианцәа ауаа зегь ранажьра? (it-2-U 562, абз. 2).
-
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мк 9:14—29 (th аурок 2).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 2, апункт 3).
5. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала
(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал, уи шымҩаԥысуагьы ирба (lmd аурок 10, апункт 3).
6. Ажәахә
(5 мин.) ijwyp-U, астатиа 105. Атема: «Как преодолеть стеснительность?» (th аурок 16).
Ашәа 59
7. Шәыԥхашьаҩызаргьы, ажәабжьҳәара агәырӷьара шәзаанагалар алшоит
(15 мин.). Ахцәажәара.
Шәыԥхашьаҩума шәара? Аӡәы сгәеимнҭандаз ҳәа шәыҟоума? Аӡәы иацәажәара шәацәшәома? Иԥхашьаҩу ауаа ирҭаху ак аҟаҵара анырзымариам ыҟоуп. Аӡәырҩы ус иҟоуп, аха ауаа Абиблиаҿы иану рзеиҭарҳәаларц азы ргәы ахыҭхыҭра аиааишьа рҵеит, уажәы ажәабжьҳәара ргәаԥхоит. Иаҳнарҵар алшои урҭ рҿырԥшы?
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Сыԥхашьаҩуп, аха уи Иегова зегь иреиӷьу иҭара исԥырхагаӡам». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
-
Ишԥалыцхрааи аиаҳәшьа Ли ланду илылҭаз алабжьара гәыкала Иегова имаҵ луларц?
Абиблиа излаҳәо ала, иҟалап Моисеии, Иеремиеи, Тимофеии ԥхашьаҩцәазтгьы (Ақәҵ 3:11; 4:10; Иер 1:6—8; 1Тм 4:12). Аха Иегова урҭ дрыцын, ицхырааралагьы имаҵ аураҿы имаҷымкәа ҟарҵеит (Ақәҵ 4:12; Иер 20:11; 2Тм 1:6—8).
Аӡырҩцәа Исаиа 43:1, 2 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:
-
Изықәиргәыӷуеи Иегова имаҵзуҩцәа зегь?
Дышԥарыцхраауеи Иегова иԥхашьаҩу аишьцәеи аиҳәшьцәеи игәырӷьаҵәа ажәабжь рҳәаларц?
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аӡӡаахра — анасыԥ уоурц азы ихадоу шьаҿоуп» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
-
Дышԥалыцхраауеи Иегова аиаҳәшьа Џьексон ажәабжьҳәараҿы?
-
Ишԥарыцхраауеи иԥхашьаҩу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжьҳәаратә ус?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 21, абз. 8—13, ад. 169 аҿы иану арамка