Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 27 — февраль 2

АԤСАЛОМҚӘА 140—143

Ианвар 27 — февраль 2

Ашәа 44, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ацхыраара шәанаҳәо, шәыззыҳәо инақәыршәаны шәхы мҩаԥыжәгала

(10 мин.)

Ишәоуа алабжьарақәа шәыдышәкылала (Аԥс 141:5; w22.02 12, абз. 13, 14).

Шәазхәыцла Иегова дышшәыцхраахьаз, иара убас ажәытәан инхоз имаҵзуҩцәа дышрыцхраауаз (Аԥс 143:5; w10-U 15/3 32, абз. 4).

Иегова аҭагылазаашьа дшахәаԥшуа еиԥш шәахәаԥшла (Аԥс 143:10; wp15 1/3 20, абз. 2).

Аԥсаломқәа 140—143 рҿы иубарҭоуп Давид Иегова ацхырааразы иҳәара адагьы, дыззыҳәоз инақәыршәаны ихы шымҩаԥигоз.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 140:3. Избан Давид ацәгьаҟаҵаҩцәа рқьышәқәа амаҭ ашҳам амоуп ҳәа зиҩыз? (it-2-U 1277, абз. 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абаржәы узыцхырааз ауаҩы Абиблиа иадҳәалоу темак шьҭыхны уиацәажәа (lmd аурок 3, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Сеилахоуп ҳәа зҳәаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 7, апункт 3).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U, астатиа 21 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Почему Свидетели Иеговы не соглашаются на переливание крови?» (th аурок 7).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 141

7. Аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа шәҽырзыҟашәҵа

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова ҳацхраара дазхиоуп (Аԥс 46:1). Ҳара аҽыхәышәтәра ма аоперациа ҳзыԥшызар, уи иахҟьаны даара ҳгәы ҭынчымзар ауеит. Аха Иегова ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа заа ҳарзыҟаиҵоит. Иаҳҳәап, иорганизациа абзоурала ҳара иҳамоуп «Волеизъявление и доверенность относительно медицинского вмешательства», «Удостоверение личности» a, насгьы амедицинатә информациа зну егьырҭ адокументқәа b, иара убас ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу акомитет аҟынтә (КСБ) ацхыраара ҳауеит. Уи зегь ҳацхраауеит ашьа аганахьала Анцәа иҳаиҭаз азакәан ақәныҟәара (Аус 15:28, 29).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәырзыҟаҵоума аҳақьымцәа рыцхыраара шәҭаххар аналшо аҭагылазаашьақәа?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарыцхрааи шьоукы «Волеизъявление» ахьхадырҭәааз?

  • Ишԥарыцхрааи шьоукы адокумент «Информация для беременных» (S-401)?

  • Избан иаразнак КСБ ҳрацәажәар заҭаху, ахәышәтәырҭахь ҳашьҭарҵозар, аоперациа ма аҽыхәышәтәра (иаҳҳәап, онкологиатә чымазара аҟынтә аҽыхәышәтәра) ҳзыԥшызар, ҳара ҳҭагылазаашьаҿы ашьа алаҵара иадҳәалоу азҵаара цәырҵӡом ҳәа ҳгәы иаанагозаргьы?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 103, Анцәа иҳәара

a Аӡы зыҽӡаазххьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи алитература иахылаԥшуа аиашьа иҿы «Волеизъявление» ргар рылшоит. Иара убас иаҳәар рылшоит «Удостоверение личности» 18-шықәса зхымҵхьац рхәыҷқәа рзы.

b Адокументқәа «Информация для беременных» (S-401), «Информация для пациентов, которым требуется хирургическое вмешательство или химиотерапия» (S-407), насгьы «Информация для родителей, чей ребёнок нуждается в медицинской помощи» (S-55) шәоурц шәҭахызар, аизара ахылаԥшыҩцәа шәрыҳәар шәылшоит.