Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ианвар 6—12

АԤСАЛОМҚӘА 127—134

Ианвар 6—12

Ашәа 134, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Анацәеи абацәеи, шәхәыҷқәа шәреиҷаҳала

(10 мин.)

Анацәеи абацәеи, Иегова шәҭаацәара аныҟәгара дшәыцхраауеит (Аԥс 127:1, 2).

Ахәыҷқәа — Иегова иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп (Аԥс 127:3; w21.08 5, абз. 9).

Ахәыҷқәа рықәреи рылшарақәеи инарықәыршәаны аҵара дшәырҵала (Аԥс 127:4; w19.12 26, абз. 20).

Иегова дгәырӷьоит анацәеи абацәеи иара иқәгәыӷны рхәыҷқәа ибзианы ирааӡаларц азы ирылшо зегь аныҟарҵо

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 128:3. Избан аԥсаломшәаҳәаҩ аԥацәа амаслинаҵла авҵиаақәа изаҿирԥшыз? (it-1-U 543).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы игәаанагара иҳәоит, аха уи Абиблиа иаҿагылоит (lmd аурок 5, апункт 4).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) lff аурок 16, апунктқәа 4, 5. Абиблиа зурҵо ауаҩы изеиҭаҳәа усқәак ирыхҟьаны уаныҟамло Абиблиа аҵара шымҩаԥысло (lmd аурок 10, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 13

7. Анацәеи абацәеи, шәхы иашәырхәома ари арҵаратә метод бзиа?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳорганизациа анацәеи абацәеи рхәыҷқәа Иегова иеилкаара изларыцхрааша аматериалқәа рацәаны иҭнажьуеит. Аха ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы иреиӷьу аметодқәа руак — уи аҿырԥш бзиа дырбара ауп (Ҩнтә 6:5—9).

Иисус иҵаҩцәа аҵара дирҵаларц азы уи аметод ихы иаирхәон.

Аӡырҩцәа Иоанн 13:13—15 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Иисус иҵаҩцәа ихатә ҿырԥшала аҵара дирҵон. Шәгәы ишԥаанаго, избан уи азнеишьа зыбзиаз?

Шәажәақәеи шәусқәеи еиқәшәозар, шәхәыҷқәа идшәырҵо хәарҭас иалоу рбалоит. Идшәырбо аҿырԥш бзиа еиҳа иргәарԥханы ишәзыӡырҩларц ргәазҭанаҵоит.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳара ҳхәыҷқәа аҿырԥш бзиа дҳарбон». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Иддырҵазеи аиашьеи аиаҳәшьеи Гарсиаа рыԥҳацәа?

  • Избан ари авидеонҵамҭа шәанахәаԥш, шәхәыҷқәа шәхатә ҿырԥшала аҵара дшәырҵаларц зышәҭаххаз?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 73, Анцәа иҳәара