АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Иарбан хықәкқәоу иқәургылаз иҿыцу амаҵзуратә ашықәс азы?
Адоуҳатә хықәкқәа — уи Иегова гәыкала имаҵ ауразы, насгьы иргәырӷьаразы иқәҳаргыло ахықәкқәа роуп. Урҭ ахықәкқәа зхаҵара ӷәӷәоу уаҩны аҟалара иҳацхраауеит, убри аҟынтә урҭ рынагӡаразы ҳаамҭеи ҳамчи ҳармеигӡакәа аџьабаа абара иаԥсоуп (1Тм 4:15). Избан иқәҳаргылаз адоуҳатә хықәкқәа аамҭа-аамҭала ҳаиҭарыхәаԥшлар зыбзиоу? Избанзар ҳаԥсҭазаараҿы ак аҽаԥсахзар алшоит, убри аҟынтә иқәҳаргылаз хықәкқәак рынагӡара ҳамч ақәымхозар ауеит. Мамзаргьы иҟалап хықәкқәак наҳагӡахьазар, насгьы иҿыцу хықәкык ықәыргылатәзар.
Амаҵзуратә ашықәс алагамҭа — уи ҳхықәкқәа ҳаиҭарыхәаԥшырц азы аамҭа бзиоуп. Ишәылшома аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы уи шәалацәажәар, насгьы шәхази шәҭаацәара рзи ахықәкқәа ықәшәыргылар?
Иарбан хықәкқәоу уара иқәургылаз ҵаҟа иаагоу ақьырсиан иԥсҭазаара аганқәа рганахь ала, насгьы иҟауҵаларц угәы иҭоузеи урҭ рынагӡаразы?
Абиблиа аԥхьареи уи аҭҵаареи, аизарақәа рахь аныҟәара, насгьы урҭ рыҽрылархәра (w02-U 15/6 14—15, абз. 14, 15).
Ажәабжьҳәара (w23.05 27, абз. 4, 5).
Ақьырсиантә ҟазшьақәа (w22.04 23, абз. 5, 6).
Даҽакы: