АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Аҳәатәхамҵара иаанаго алҵшәа бааԥсқәа
Израильаа рҟынтә шьоукы амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа аҭаацәара ирыцалалон (Езд 9:1, 2; w06-U 15/1 20, абз. 1).
Дара еилыкка иҟаз Иегова имҩақәҵарақәа ирзымӡырҩӡеит (Езд 9:10—12).
Урҭ рҳәатәхамҵара рхаҭақәагьы рҭаацәарақәагьы агәаҟрақәа рацәаны ирзаанагеит (Езд 10:10, 11, 44).
Иегова имҩақәҵарақәа зегьы ҳара ахәарҭа ҳзааргоит (w09-U 1/10 10, абз. 6). Анцәа ҳаизыӡырҩуазар, ауадаҩрақәа ҳҽырцәыҳахьчоит, аԥхьаҟагьы меигӡарахда даҳзылԥхоит.
УХЫ УАЗҴАА: «Иарбан уадаҩрақәоу сҽызцәысыхьчо Иегова сахьизыӡырҩуа абзоурала?»