Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Август 26 — сентиабр 1

АԤСАЛОМ 78

Август 26 — сентиабр 1

Ашәа 97, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ҳгәаҳҽанызҵо израильаа рҿырԥшы

(10 мин.)

Израильаа Иегова иус џьашьахәқәа рхашҭит (Аԥс 78:11, 42; w96-U 1/12 29—30).

Дара Анцәа ирзыҟаиҵоз аус бзиақәа пату рықәырҵаӡомызт (Аԥс 78:19; w06-U 15/7 17, абз. 16).

Израильаа рыгхақәа хәарҭа рылыргаӡомызт, насгьы иааҟәымҵӡакәа Иегова иҿагылон (Аԥс 78:40, 41, 56, 57; w11-U 1/7 10, абз. 3, 4).


АЗХӘЫЦРАЗЫ: иҳацхраауазеи Иегова ҳизиашаны аанхара?

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 78:24, 25. Избан аманна «ажәҩан аҟынтә ача», насгьы «амаалықьцәа рча» ҳәа зазҳәоу? (w06-U 15/7 11, абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 5, апункт 5).

5. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Абуклет ала ацәажәара шәалага. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 5, апункт 4).

6. Ацәажәара шәалага

(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы узааз иааркьаҿны иоуҳәарц дуҳәоит. Уи Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 2, апункт 5).

7. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аӡбахә иамҳәаӡакәа Иегова ишаҳаҭ шуакәу ирдыр. Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 2, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 96

8. Ажәабжьҳәаҩ Филипп ҳаиҿыԥшуеит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Абиблиаҿы еиуеиԥшым ауаа рыӡбахә ануп. Шьоукы аҿырԥш бзиа ҳарҭеит, даҽа шьоукы — иҽеим. Урҭ ауаа рҿырԥштәқәа ак рылаҳгарц азы аамҭа алхлатәуп, аџьабаагьы балатәуп. Урҭ рыӡбахә аԥхьара адагьы, иаҳнарҵазгьы ҳазхәыцлароуп, насгьы уи инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп.

Абиблиаҿы иануп ажәабжьҳәаҩ Филипп иԥшьоу адоуҳаи аҟәышреи шимаз (Аус 6:3, 5). Иаҳнарҵозеи уи иҿырԥшы?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу шәырҿыԥшла. Ажәабжьҳәаҩ Филипп». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа иднарҵо:

  • иаалырҟьаны аҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсах Филипп ихы шымҩаԥигаз (Аус 8:1, 4, 5);

  • Филипп ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭахыз аҭыԥ аҿы ажәабжьҳәара дахьазхиаз азы Иегова дахьизылԥхаз (Аус 8:6—8, 26—31, 34—40);

  • Филипп иҭаацәареи иареи асасдкылара ахьаадырԥшуаз (Аус 21:8—10);

  • авидеонҵамҭаҿы иаҳбаз Филипп иҿыԥшуаз аҭаацәара ирымаз агәырӷьара.

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 101, Анцәа иҳәара