Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Август 5—11

АԤСАЛОМҚӘА 70—72

Август 5—11

Ашәа 59, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Ԥхьаҟатәи ахылҵшьҭра» Анцәа имч аӡбахә рзеиҭашәҳәала

(10 мин.)

Давид данқәыԥшыз Иегова дышицхраауаз ибон (Аԥс 71:5; w99-U 1/9 18, абз. 17).

Давид иқәрахь даннеигьы Иегова дшаанимыжьуаз ибон (Аԥс 71:9; g04-U 8/10 23, абз. 3).

Давид иқәыԥшыз ирзеиҭеиҳәон аԥсҭазаараҿы Иегова дышицхраауаз, убас ала урҭ ргәы шьҭихуан (Аԥс 71:17, 18; w14-U 15/1 23, абз. 4, 5).

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сеизараҿы иҟоу Иегова акыршықәса имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә аҭаацәаратә мҵахырхәарахь ааԥхьара зысҭар сҭахыда рҭоурых еиҭарҳәарц азы?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 72:8. Ишԥанаӡеи аҳ Соломон инапхгара аан Аҟазаара 15:18 аҿы иану Иегова Авраам ииҭаз ажәа? (it-1-U 686, абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ажәа умаикырц иҭахызар, шәеицәажәара хаала ихыркәша (lmd аурок 4, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аҵабырг аӡбахә ззеиҭауҳәахьоу уҭынхак Абиблиа аҵара алагара изыгәаӷьуам (lmd аурок 8, апункт 4).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U 49 шьаҭас измоу ажәахә. Атема: «Почему некоторые учения Свидетелей Иеговы претерпели изменения?» (th аурок 17).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 76

7. Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҟашәҵалар шәылшо

(15 мин.). Ахцәажәара.

Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы ахәыҷқәа Иегова иҿы аҵара аҵаразы алшара бзиа роуеит (Еф 6:4). Ҳәарада, аҵара ҵара џьабаа дууп, аха уи агәырӷьарагьы узаанагоит, еиҳараӡак ахәыҷқәа абиблиатә ҵабыргқәа еиҳа еиӷьны реилкаара рҭаххар (Ин 6:27; 1Пт 2:2). Арамка « Аҭаацәаратә мҵахырхәараҿы иҟашәҵалар шәылшо» аҟынтә азхәыцрақәа аага. Уи арамка хықәкы хадас иамоу — аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аманы, угәы иахәартә еиԥш аҟаҵара ауп. Анаҩс азҵаарақәа рыҭ:

  • Иарбан ара иаагоу идеиақәоу шәхы иашәырхәарц ишәҭаху?

  • Иҟоума иаҳзеиҭашәҳәар шәылшо даҽа идеиақәак?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Шәҭаацәаратә мҵахырхәара еиӷьышәтәла». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа рымамзар, ишԥаилшо ахаҵа иԥшәма лзы аҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аманы иҟаиҵар?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 123, Анцәа иҳәара