Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ииуль 8—14

АԤСАЛОМҚӘА 60—62

Ииуль 8—14

Ашәа 2, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иегова ҳихьчоит, акгьы ҳацәымшәалар ҳалшоит

(10 мин.)

Иегова абааш ӷәӷәа иоуп (Аԥс 61:3; it-1-U 178, абз. 11).

Иегова иқьалахь ҳааиԥхьоит (Аԥс 61:4; it-2-U 1228, абз. 6).

Иегова ацаҟьа иоуп (Аԥс 62:2; w02-U 15/4 16, абз. 14).


ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥеиӷьхеи сыԥсҭазаара Анцәа дахьыздыруа, насгьы сахьиқәгәыӷуа абзоурала?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 62:11. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа: «Амч змоу Анцәа иоуп»? (w06-U 1/6 11, абз. 6).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Бзиарак узыҟазҵаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 2, апункт 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы апрограмма JW Library® аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы уи иелектронтә хархәагахь ишҭеигалаша ирба (lmd аурок 7, апункт 4).

6. Ажәахә

(5 мин.) w22.02 4—5, абз. 7—10. Атема: «Аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә анапхгара аншәоуа Иегова игәра жәгала» (th аурок 20).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 12

7. «„Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо“ акгьы ыҟаӡам»

(10 мин.) Ахцәажәара.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Дышԥаихылаԥшуаз Иегова Бастон Ньиренде ашьҭашәарыцарақәа раан?

8. «Аӡӡаахразы ашьаҿақәа»

(5 мин.) Ахцәажәара. Идырба ари АВИДЕОНҴАМҬА арубрика «Иегова уиҩызаха» аҟынтә. Анаҩс заа узацәажәахьо ахәыҷқәа (урҭ шәеизараҿы иҟазар) абарҭ азҵаарақәа рыҭ: «Аӡы уҽӡааухырц уҭахызар, уқәра аасҭа еиҳа ихадоузеи? Иҟаҵалатәузеи аӡы уҽӡааухырц азы?»

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 63, Анцәа иҳәара