Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аҵабырг иацәхьаҵыз уҽырцәыхьчала!

Аҵабырг иацәхьаҵыз уҽырцәыхьчала!

Аҩсҭаа анырра зиҭо ауааи иареи ҳхаҵара дырԥсыҽырц азы лассы-лассы аиашеи амци еиларҵоит (2Кр 11:3). Иаҳҳәап, ассириаа зны аиашеи амци еиларҵеит, нас амц рҳәеит, Иегова ижәлар ргәы карыжьырц азы (2Аш 32:10—15). Иахьагьы аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа убас ҟарҵоит. Ҳашԥазыҟазар акәу урҭ ирҳәо? Узшьуа ашҳам еиԥш! Урҭ ирыҩуа уамыԥхьалан, аҭак румҭалан, ргәаанагарақәа егьырҭ ирзеиҭоумҳәалан. Иеговеи иара иорганизациеи рахь агәыҩбара ҳазцәырызгар алшо аинформациа шәаҳазар, уи иаразнак мап ацәышәкла! (Иуда 3, 4).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘЫГӘРАХАҴАРА ШӘАЗЫҚӘԤАЛА!» (АЦЫԤҴӘАХА), АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Избан ауаа ахьеицәажәо аинтернет-форумқәа ҳхы иаҳархәозар, ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу?

  • Ишԥаҳалшо Римаа рахь 16:17 иану алабжьара ҳақәныҟәалар?