Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Иосиа Иегова изакәан иану аниаҳа, имаҭәа ишәхаԥижәоит

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Ухы иаурхәома Анцәа Иажәа аҟынтә еилукаауа зегьы?

Ухы иаурхәома Анцәа Иажәа аҟынтә еилукаауа зегьы?

Иосиа Анцәа Иажәа ихшыҩ азышьҭны дазыӡырҩуан (2Аш 34:18, 19; уахәаԥш ацәаҿы иану асахьа).

Иара иаҳаз аҵакы еиликаарц азы аџьабаа ибеит (2Аш 34:21; it-U «Олдама», абз. 2).

Иара иаҳаз инақәыршәаны ихы мҩаԥигеит (2Аш 34:33; w09-U 15/6 10, абз. 20).

УХЫ УАЗҴАА: «Иегова Иажәа, Абиблиа, аҟынтә иара изкны еилыскаауа иаразнак схы иасырхәома?»