Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аицәажәара алагара уацәымшәалан

Аицәажәара алагара уацәымшәалан

Ус баша аицәажәара алагара — ажәабжь бзиа ауаҩы изеиҭаҳәаразы зегьы иаҳгәаԥхо, насгьы алҵшәа бзиа змоу аметодқәа ируакуп. Аха ҳаицәажәара Абиблиа ахь ишиаҳгаша мыцхәы ҳазхәыцлар, ҳшәаны ауаҩы ҳзимацәажәар алшоит. Иуҳәаша мыцхәы азхәыцра аҭыԥан, гәыкала ауаҩ иахь аинтерес аарԥшы (Мф 22:39; Фп 2:4). Шәеицәажәара аан ауаҩы аҵабырг аӡбахә изеиҭоуҳәартә еиԥш алшара уоур, амаҵзуразы иҳамоу амыругақәа руак ухы иаурхәар улшоит.

Иуцхраар шԥалшо урҭ амыругақәа шәеицәажәара ацҵара, насгьы ауаҩы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара?

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АИХЕИ АИХЕИ ЕИБАРҴАРУЕИТ. АИЦӘАЖӘАРА ҲАЛАГАР ШҲАЛШО», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРА АҬАК ҞАҴА:

Қәҿиарала аицәажәара алагара х-лабжьарак ҳацхраауеит. Иарбанқәоу урҭ?