Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова дышухәаԥшуа еиԥш ухы уахәаԥшла

Иегова дышухәаԥшуа еиԥш ухы уахәаԥшла

«Иегова ижәлар данрыхәаԥшуа дгәырӷьоит» (Аԥс 149:4). Ҳара ҳнаӡаӡам, аха Иегова ҳҟазшьа бзиақәа, насгьы аԥхьаҟа иҟаҳҵар ҳалшо ибоит. Аха зны-зынла иара дышҳахәаԥшуа еиԥш ҳхы ахәаԥшра ҳцәыцәгьоуп. Иҟалап аӡәы иҽеимкәа иахьизныҟәо азы акгьы даԥсамшәа ихы ибозар. Даҽаӡәы уаанӡа иҟаиҵахьаз агхақәа ирыхҟьаны Иегова иара бзиа дшибаҵәҟьо агәра агара ицәыцәгьоуп. Иҳацхраауазеи ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи риааира?

Ҳара иаҳгәалаҳаршәалароуп Иегова ауаҩы иимбо шибо (1См 16:7). Убри аҟынтә иара ҳхаҭа иаҳамбо иҳалоу аҟазшьа бзиақәа ибоит. Абиблиа иара дшаҳзыҟоу аилкаара иҳацхраауеит. Убри азы Иегова имаҵзуҩцәа бзиа ишибо узырбо абиблиатә жәеинраалақәеи ацыԥҵәахақәеи ҳрызхәыцлароуп.

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЕГОВА ДШУЗЫРАЗУ УГӘЫ АГӘРА АРГАЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Еилаҳкаауазеи аиԥхныҩлара иалаху аҷкәын иаби иареи ирызку аҿырԥштәы аҟынтә Иегова дшаҳзыҟоу иазкны?

  • Ишԥаилшо агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы Анцәа иара бзиа дшибо ихы агәра аиргар, Иеговеи иареи реиҩызара аиҭашьақәыргыларазы илшо зегь ҟаиҵозар? (1Ин 3:19, 20).

  • Ишԥаицхрааи аиашьа Давиди Иосафати рҿырԥштәқәа дахьрызхәыцуаз?