Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова — «аиаҭымцәа Раб» иоуп

Иегова — «аиаҭымцәа Раб» иоуп

Есышықәса ирацәаҩны арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи Иегова иҩызахара рыӡбоит (Аԥс 110:3). Уара Иегова имаҵ ууазар, иухоумыршҭлан: иара даара бзиа уибоит. Иара узықәшәо ауадаҩрақәа бзианы идыруеит, насгьы еснагь уцхраара дазхиоуп. Уара аныда, ма абыда иузҳазар, иухоумыршҭлан: Иегова — «аиаҭымцәа Раб» иоуп (Аԥс 68:5). Иегова илабжьарақәа рыцхыраарала, уҭаацәараҿы аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, иара гәыкала ушизыҟоу уаанхар улшоит (1Пт 5:10).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ДАРА РЫГӘРАХАҴАРА ҚӘҾИАРАЛА ИАЗЫҚӘԤОИТ. АН, МА АБ ДЫЗМАМЫЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Иунарҵозеи Таммии, Чарлзи, Џьиммии рҿырԥшқәа?

  • Зыгәра днаргозеи Аԥсалом 27:10 иану ажәақәа, аныда ма абыда изызҳаз?