АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Уҭаацәа Иегова имаҵ рымуазаргьы, уара имаҵ ула
Езекиа иаб, аҳ Ахаз, аус бааԥсқәа ҟаиҵон (2Аш 28:1; w16.02 14, абз. 8).
Езекиа иаб аҿырԥш бзиа шиимҭозгьы, Иегова имаҵ иуларц иӡбеит (2Аш 29:1—3; w16.02 15, абз. 9—11).
Езекиа ауаа ргәазҭеиҵон Иегова имаҵ руларц, насгьы Анцәа гәыкала изыҟамыз рабацәа иҟарҵоз ҟарымҵаларц (2Аш 29:4—6).
УХЫ УАЗҴАА: «Ишԥасылшо зҭаацәа Иегова имаҵ зымуа иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭысхлар?»