Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Уазхиоума уара аекономикатә кризис?

Уазхиоума уара аекономикатә кризис?

Ҳара иџьаҳшьаӡом адунеи аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аҽахьаԥсахуа. Избан? Избанзар ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рынҵәамҭазы ҳанхоит. Уи адагьы Абиблиа ҳаанаԥхьоит «иқәӡаауа [а]мал» ҳақәымгәыӷларц (1Тм 6:17; 2Тм 3:1). Ишԥаҳацхраауеи Иосафат иҿырԥшы, иҟалар алшо акризис аҽазыҟаҵара?

Иосафат егьырҭ ажәларқәа аниҿагыла Иегова диқәгәыӷит (2Аш 20:9—12). Иара убас иара ажәлар ихьчарц азы заа иҽазыҟаиҵеит: ақалақьқәа ирӷәӷәеит, насгьы ар еизганы иргылеит (2Аш 17:1, 2, 12, 13). Ҳара Иосафат ҳаиҿыԥшлароуп. Аамҭа цәгьақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы Иегова ҳиқәгәыӷлароуп, насгьы усҟан иҳахәаша ак ҟаҳҵалароуп.

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ШӘАЗЫҞАҴОМА ШӘАРА АРЫЦҲАРА?», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи арыцҳара ҳҽазыҟаҳҵарц азы?

  • Иҟаҳҵар ҳалшозеи егьырҭ ҳрыцхраарц азы?