Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

«Шәынцәа Иегова игәра жәгала»

«Шәынцәа Иегова игәра жәгала»

Иосафати Иудеиа инхоз ауааи ашәарҭара ианҭагыла Иегова ацхырааразы иҳәеит (2Аш 20:12, 13; w14-U 15/12 23, абз. 8).

Иегова ижәлар ргәы ирҭынчит, еилыкка иҟаз анапхгарагьы риҭеит (2Аш 20:17).

Иегова имаҵзуҩцәа еиқәирхеит, избанзар дара игәра ргон (2Аш 20:21, 22, 27; w21.11 16, абз. 7).

Арыцҳара ду аан Гог Анцәа ижәлар данрықәло, Иегова ихаҭарнакцәеи иареи рыгәра згало акгьы иацәшәалаӡом (2Аш 20:20).