Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Апрель 1—7

АԤСАЛОМҚӘА 23—25

Апрель 1—7

Ашәа 4, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Иегова Сыхьчаҩ иоуп»

(10 мин.)

Иегова ҳаԥхьа дгыланы дцоит (Аԥс 23:1—3; w11-U 1/5 31, абз. 3).

Иегова ҳихьчоит (Аԥс 23:4; w11-U 1/5 31, абз. 4).

Иегова ҳирчоит (Аԥс 23:5; w11-U 1/5 31, абз. 5).

Иегова имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит, ахьча иуасақәа дшырхылаԥшуа еиԥш.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Дышԥасеиҷаҳауеит Иегова хаҭала сара?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 23:3. Изакәызеи араҟа «аиашара амҩақәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу, насгьы иаҳԥырхагахар алшозеи урҭ ҳарныланы ацара? (w11-U 15/2 24, абз. 1—3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Аекологиатә уадаҩрақәа хьаас измоу ауаҩы Абиблиа аҟынтә ианаало ажәеинраала ирба (lmd аурок 2, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәараан аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» згаз ауаҩы Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа ирба (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 54

7. Ҳара атәым бжьы ҳазыӡырҩӡом

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ауасақәа ахьча ибжьы анраҳалак иара иахь инеиуеит, избанзар ибжьы рдыруеит. Аха зыбжьы рзымдыруа ахьчацәа ирԥырҵны ицоит (Ин 10:5). Убас еиԥш ҳаргьы бзиа ҳазбо, узықәгәыӷыртә иҟоу, доуҳала иҳаиҷаҳауа Ҳахьчацәа, Иеговеи Иисуси, рыбжьы ҳазыӡырҩуеит (Аԥс 23:1; Ин 10:11). Ҳара иаҳҭахӡам ҳхаҵара ԥсыҽхарц азы ҳазжьар зҭаху «атәым» бжьы ҳазыӡырҩлар (2Пт 2:1, 3).

Аҟазаара 3-тәи ахаҿы иануп раԥхьаӡа акәны адгьыл аҿы «атәым» бжьы шгаз. Аҩсҭаа Ева лацәажәара далагеит, аха уи шыҟаиҵаз илацәажәо дызусҭаҵәҟьоу лзымдырыртә еиԥш ауп. Иара ҩызак иеиԥш ихы ааирԥшит, насгьы Иегова иажәақәа аарҳәны, даҽа мотивқәак имоушәа иҳәеит. Ева Аҩсҭаа ииҳәаз дазыӡырҩит, уи лара лзы еиԥш, лҭаацәара рзгьы алҵшәа ҿаасҭақәа аанагеит.

Иахьа Аҩсҭаа Иеговеи иорганизациеи рахь иҳамоу агәрагара ҳацәирӡыр иҭахуп, уи азы иара рцәа рхызхуа аинформациеи, амци аиашеи ахьеилоу аинформациеи, зынӡа иашарак злам аинформациеи ихы иаирхәоит. Иҟаҳҵалар акәзеи «атәым» бжьы анҳаҳалак? Ҳаҩны ҳцароуп! Уи маҷк азыӡырҩра, баша аинтерес ахьҳамоу мацара азы акәзаргьы, даараӡа ишәарҭоуп. Аҩсҭаа Ева дижьарц азы маҷк аамҭеи жәақәаки роуп ииҭаххаз (Аҟ 3:1, 4, 5). Иҟаҳҵар акәзеи иаҳзааигәоу аӡәы Иегова ишаҳаҭцәа рцәа рхызхуа аинформациа ҳадигалозар, уи ҳара ҳзы абзиара ахьиҭаху азы акәзаргьы изыҟаиҵо?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Атәым бжьы шәазымӡырҩлан». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишәнарҵозеи Џьеид лан лганахь ала лхы шымҩаԥылгоз?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 55, Анцәа иҳәара