Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Апрель 8—14

АԤСАЛОМҚӘА 26—28

Апрель 8—14

Ашәа 34, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ицхраауази Давид вба змамыз ауаҩ иеиԥш ахымҩаԥгара?

(10 мин.)

Давид Иегова диҳәон еиҳа еиӷьу уаҩны аҟалара дицхраарц (Аԥс 26:1, 2; w04-U 1/12 14, абз. 8, 9).

Давид Иегова инормақәа рыла инымхоз ҩызцәас ишьҭихӡомызт (Аԥс 26:4, 5; w04-U 1/12 15, абз. 12, 13).

Давид Иегова имаҵ аура агәырӷьара ду изаанагон (Аԥс 26:8; w04-U 1/12 16, абз. 17, 18).


Давид агхақәа шыҟаиҵозгьы, гәыкала Иегова имаҵ иуан, бзиагьы дибон (1Аҳ 9:4).

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 27:10. Ргәы арҭынчыр шԥалшо ари ажәеинраала аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ирзааигәоу ауаа мап рцәыркзар? (w06-U 15/7 28, абз. 15).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә абуклет ухы иархәа (th аурок 3).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәара аан ауаҩы изынужьыз абуклет аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иану азҵаара уахцәажәа. Ауаҩы асаит jw.org дазхьарԥш, насгьы зинтерес имоу аинформациа иԥшаар шилшо ирба (lmd аурок 9, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) lmd Ацҵа А, апункт 3. Атема: «Ҳадгьыл аҿы аекологиа еиҭашьақәыргылахоит» (th аурок 13).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 128

7. Ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа рганахь ала зхы пату ақәҵаны имҩаԥызго ахбыџқәа

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ихбыџу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа рганахь ала ицқьаны иаанхалароуп. Дара наӡаӡам, убри аҟынтә рқәыԥшра аамҭа аан асексуалтә гәаҳәарақәа убриаҟара иӷәӷәоуп, ииашаны ахымҩаԥгара рцәыуадаҩхар алшоит (Рм 7:21; 1Кр 7:36). Уи адагьы рааигәа иҟоу рҟынтә ироуа ақәыӷәӷәара рҽацәырыхьчалароуп, урҭ асекс рыдырцалалар алшоит — ахаҵеи-ахаҵеи, ма аԥҳәыси-аԥҳәыси рыбжьара асексгьы уахь иналаҵаны (Еф 2:2). Ҳара рыхә ҳаракны иаҳшьоит ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа рганахь ала зхы пату ақәҵаны имҩаԥызго ихбыџу ақьырсианцәа!

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ахбыџ иԥсҭазаара. Иҟауҵар улшозеи, асекс удырцалозар?». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарықәыӷәӷәоз Кории Камрини аҵара рыцызҵоз?

  • Ирыцхраазеи дара ацәеижьтә еизыҟазаашьақәа рганахь ала ицқьаны аанхара?

  • Иарбан Абиблиа иану лабжьарақәоу ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ишәыцхраар алшо?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 38, Анцәа иҳәара