Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Март 18—24

АԤСАЛОМҚӘА 19—21

Март 18—24

Ашәа 6, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Ажәҩан аҿы иҟоу зегьы Анцәа ихьӡ-иԥша ҳараркуеит»

(10 мин.)

Анцәа ишамҭақәа Иегова ихьӡ-иԥша ҳараркуеит (Аԥс 19:1; w04-U 1/1 8, абз. 1, 2).

Амра — Иегова иишаз аџьашьахәқәа ируакуп (Аԥс 19:4—6; w04-U 1/6 11 абз. 8—10).

Ҳара Анцәа ишамҭақәа ҳрызхәыцлароуп (Мф 6:28; g95-U 8/11 7, абз. 3).


АҬААЦӘАРАТӘ МҴАХЫРХӘАРАҾЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО. Иегова ишамҭақәа рҟынтә акы шәацклаԥшны, уи Ҳазшаз изкны ишәнарҵо шәалацәажәа.

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 19:7—9. Иарбан поезиатә знеишьоу арҭ ажәеинраалақәа рҿы рхы иадырхәаз, насгьы ҷыдарас иамоузеи уи? (it-1-U 679, абз. 2, 3).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара иҭ, насгьы уи аҭаара ахьизыманшәалахо аҭыԥ асаит jw.org аҿы изыԥшаа (lmd аурок 2, апункт 3).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара анынҵәалак ашьҭахь, аԥошьҭала ааԥхьара зоуны аиԥыларахь иааз ауаҩы аԥсшәа иаҳәа. Изҵаарақәа рҭак ҟаҵа, иара убас шәеицәажәара иахьацышәҵаша, насгьы ианацышәҵаша еибышәҳәа (lmd аурок 3, апункт 4).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwfq-U 45 шьаҭас измоу ажәахә. Атема: «Почему Свидетели Иеговы отмечают Вечерю Господню не так, как это принято в других религиях?» (th аурок 6).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 141

7. «Шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәарц азы ашамҭақәа ҭышәҵаала»

(15 мин.) Ахцәажәара. Идырба АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Ишԥарӷәӷәо ари авидеонҵамҭа Ҳазшаз иахь шәхаҵара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 127, Анцәа иҳәара