Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Март 4—10

АԤСАЛОМҚӘА 16, 17

Март 4—10

Ашәа 111, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. «Иегова, сыԥсҭазаараҿы бзиарас исымоу зегьы — уара уҟынтә ауп»

(10 мин.)

Иегова имаҵзуҩцәеи ҳареи ҳаиҩызара агәырӷьара ҳзаанагоит (Аԥс 16:2, 3; w18.12 23, абз. 11).

Иеговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ахьҳамоу ҳаигәырӷьоит (Аԥс 16:5, 6; w14-U 15/2 29, абз. 4).

Иегова доуҳала ҳахьихьчо абзоурала, ҳара акгьы ҳацәшәаӡом (Аԥс 16:8, 9; w08-U 15/2 3, абз. 2, 3).

Давид иԥсҭазаара еиԥш ҳаԥсҭазаарагьы аҵакы амоуп, избанзар Иегова имаҵ аура ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадоуп.

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Ишԥеиӷьхеи сыԥсҭазаара, Иегова имаҵ аура саналага ашьҭахь?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 17:8. Ҵакыс иамоузеи ажәа «ублаҷыц»? (it-1-U 851, абз. 7, 8).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара идгал (th аурок 11).

5. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара идгал. Ауаҩы аинтерес анааирԥшлак ашьҭахь, дазхьарԥш авидеонҵамҭа «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара», анаҩс уи уахцәажәа (th аурок 9).

6. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥыларахь ааԥхьара идгал (th аурок 2).

7. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 20

8. Ишԥаҳалшо Иисус иԥсра агәаларшәара амш ҳҽазыҟаҳҵар?

(15 мин.). Ахцәажәара.

Амҽыша, март 24 рзы, Иисус Христос иҳаиҭаз аԥҟара инақәыршәаны, Иисус иԥсра агәаларшәара амш азгәаҳҭарц азы ҳаизоит. Уи аиԥылараҿы ҳара ҳазхәыцуеит Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь иаадырԥшыз абзиабара ду (Лк 22:19; Ин 3:16; 15:13). Ишԥаҳалшо Иисус иԥсра агәаларшәара амш ҳҽазыҟаҳҵар?

  • Активла акампаниа шәҽалашәырхәла. Уи акампаниа аан изҭаху зегьы иҷыдоу ажәахәи Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылареи рахь ааԥхьара раҳҭалоит. Ааԥхьара зышәҭар шәылшо ауаа рсиа шьақәшәыргыл. Иҟашәҵар шәылшозеи, ааԥхьара зышәҭарц шәҭаху ауаҩы даҽа ҭыԥк аҿы дынхозар? Ауаҩы иҷыдоу ажәахә дазыӡырҩыр ахьилшо, насгьы ианилшо, иара убас Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара даҭаар ахьилшо иадҳәалоу аинформациа асаит jw.org аҿы иҟоуп.

  • Марти апрельи раан еиҳаны ажәабжь аҳәара шәҽазышәшәа. Ишәылшома 15 ма 30 сааҭ алхны, апионер цхырааҩыс амаҵ жәур?

  • Март 18 инаркны Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟа иҟалаз ахҭыс хадақәа рыӡбахә аԥхьара шәалага. Шәара шәхаҭа ишәыӡбар шәылшоит «2024 шықәсазы Иисус иԥсра агәаларшәара аан Абиблиа аԥхьара аграфик» аҟынтә есыҽны шаҟа шәаԥхьало (шәрыхәаԥш адаҟьақәа 6, 7).

  • Иисус иԥсра агәаларшәара амш аҽны асаит jw.org аҿы ашьыжьтәи амҵахырхәара иҷыдоу аҭыжьымҭа шәахәаԥш.

  • Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы аизарақәа рҭаареи ажәабжьҳәареи иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала аԥсшәа раҳәа. Уи адагьы, аиԥыларахь раԥхьаӡакәны иааз шәгәырӷьаҵәа шәырԥыл, насгьы апрограмма анынҵәалак ашьҭахь шәрацәажәа, рызҵаарақәагьы рҭак ҟашәҵа. Даҽазны шәеиқәшәарц азы шәрацәажәа, еиҳаны еилыркаарц азы.

  • Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара иалагаанӡа, насгьы уи анынҵәалак ашьҭахь аҿыхра аҵакы шәазхәыцла.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

Шәхы иашәырхәар шԥашәылшо ари авидеонҵамҭа Иисус иԥсра агәаларшәарахь ауаа рааԥхьара иазку акампаниа аан?

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 73, Анцәа иҳәара