Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Декабр 16—22

АԤСАЛОМ 119:57—120

Декабр 16—22

Ашәа 129, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы каҳмыжьларц иҳацхраауа

(10 мин.)

Анцәа Иажәа аԥхьареи азхәыцреи шәаҟәымҵлан (Аԥс 119:61; w06-U 15/6 20, абз. 2; w00-U 1/12 14, абз. 3).

Ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыбзоурала еиҳа ҳеиӷьхар ҳалшоит (Аԥс 119:71; w06-U 1/9 14, абз. 3).

Иегова шәгәы ирҭынчырц, дагьшәыцхраарц шәиҳәала (Аԥс 119:76; w17.07 10, абз. 3, 5).

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Дышԥасыцхраауеи Иегова ауадаҩрақәа санрықәшәо сгәы касмыжьларц?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 119:96. Ҵакыс иамазар алшозеи ари ажәеинраала? (w06-U 1/9 14, абз. 4).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы асаит jw.org ирба, насгьы уи асаит ахь ухьазырԥшуа абӷьыц иҭ (lmd аурок 2, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы иааиуа аԥсшьарамшқәа раан иҟало ажәахә ахь ааԥхьара иҭ. Дазхьарԥш авидеонҵамҭа «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?», анаҩс уи уахцәажәа (авидеонҵамҭа аҿакра аҭахӡам) (lmd аурок 8, апункт 3).

6. Зыгәра жәго деилшәыркаала

(5 мин.) ijwbq-U 157 шьаҭас измоу аицәажәара. Атема: «Что в Библии говорится о стихийных бедствиях?» (lmd аурок 3, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 128

7. Иегова дҳацхраауеит ачҳара аарԥшны зегь ахгара

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ачҳара аарԥшны зегь анаҳхаҳго ҳзықәшәо ауадаҩрақәеи арыцҳарақәеи раан ҳгәы каҳажьӡом. Ҳара Анцәа ҳизиашоуп, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ииашаны ҳрыхәаԥшуеит, агәра гангьы ҳаҟоуп урҭ уаҳа ианыҟамло аамҭа шааиуа. Ҳқьырсиантә ԥсҭазаараҿы уадаҩрас ҳзықәшәозаалакгьы Анцәа ҳизиашаны ҳаанхоит, имаҵ аураҿы агәацԥыҳәарагьы ҳарӡӡом (Аур 10:36—39). Иегова иарбанызаалак ауадаҩра ахгара дҳацхраауеит (Аур 13:6).

Ҵаҟа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа ирыҵажәҩы Иегова шәзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дышшәыцхраауа.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ауадаҩрақәа ирықәшәо рзы шәӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа шәиҳәала». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥаҳацхраауеи асаит jw.org еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи уадаҩрас ирхырго ҳзымдыркәа ҳаҟамзарц?

  • Ишԥарылшо анацәеи абацәеи рхәыҷқәа егьырҭ рзы Анцәа иҳәашьа ддырҵалар? Избан уи зхадоу?

  • Избан Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы кармыжьларц азы дрыцхраарц ҳиҳәалар зҳахәҭоу?

  • Ишԥаҳацхраауеи егьырҭ рзы Анцәа ҳаниҳәо, ҳхаҭа ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рыхгара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 32, Анцәа иҳәара