Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Декабр 23—29

АԤСАЛОМ 119:121—176

Декабр 23—29

Ашәа 31, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Мыцхәы ҳамгәаҭеиларц азы иҟаҵалатәу

(10 мин.)

Анцәа изакәанқәа бзиа ижәбала (Аԥс 119:127; w18.06 16, абз. 5, 6).

Анцәа ицәымӷу зегь шәцәымӷыз (Аԥс 119:128; w93-U 15/4 17, абз. 12).

Иегова шәизыӡырҩла, ауадаҩрахь шәкылызгар зылшо аҭагылазаашьақәагьы шәҽырцәышәыхьчала (Аԥс 119:130, 133; Ажәм 22:3).

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Иҟасҵар акәзеи Анцәа изакәанқәа еиҳагьы бзиа избаларц, ицәымӷугьы сцәымӷзарц азы?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 119:160. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳахәҭоузеи, ари ажәеинраала инақәыршәаны? (w23.01 2, абз. 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Узацәажәо ауаҩы асаит jw.org аҿы ииҭаху аинформациа иԥшаар шилшо ирба (lmd аурок 8, апункт 3).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

(5 мин.) Аизарақәа бжьазыжьуа Абиблиа зурҵо ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 12, апункт 4).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 121

7. Шәыԥсҭазаараҿы аԥара зегь раасҭа ихадамзааит

(15 мин.). Ахцәажәара.

Аԥара бзиа избо имаҷымкәа агәаҟрақәа рхы рықәдыршәеит (1Тм 6:9, 10). Иарбан гәаҟрақәоу? Абар ҳаԥсҭазаараҿы аԥара зегь раасҭа ихадахар иҟалар алшо.

  • Иегова изааигәоу ҩызцәаны ҳзыҟалаӡом (Мф 6:24).

  • Шаҟа ҳарҳалакгьы, ахаангьы ҳаԥсы ҭәӡом (Ек 5:10).

  • Еиҳа ирацәаны ахыхрақәа ҳрықәшәалоит, иаҳҳәап аӡәы ижьара, ак аӷьычра, ма аӡәы иҭира (Ажәм 28:20). Урҭ ахыхрақәа ҳаҽраҳҭар, ҳаламыс ҳаргәаҟлоит, ҳахьӡ бжьаҳхуеит, Иеговагьы ҳацхраара даҟәыҵуеит.

Аӡырҩцәа Ауриацәа 13:5 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу аԥара? Ҳашԥахьчо уи иаҭахым агәҭынчымрақәа рҟынтә?

Аԥара бзиа иҳамбозаргьы, уи иахҟьаны ҳгәы ҭынчымзар ауеит. Уи зыхҟьо аԥара ииашаны ахархәашьа ахьаҳзымдыруа ауп.

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Аԥара ҳхы ишаҳархәалаша». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Избан абиуџьет ашьақәыргылара зхадоу? Ишԥаҟаҵалатәу уи?

  • Избан иҳарҳауа аԥара ахәҭак ҳҵәахлар зыбзиоу?

  • Избан ауал аҟаҵара заҭахым, уи азы даара ихадоу мзызк ыҟамзар?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 101, Анцәа иҳәара