Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Декабр 30, 2024 — ианвар 5, 2025

АԤСАЛОМҚӘА 120—126

Декабр 30, 2024 — ианвар 5, 2025

Ашәа 144, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Иегова Вавилонынтә ихынҳәыз израильаа рџьабаазы дырзылԥхеит. Урҭ игәырӷьаҵәа аҽаҩра ҭаргалоит

1. Дара ҵәыуо ауп ишыларҵоз, аха аҽаҩра игәырӷьаҵәа иҭаргалон

(10 мин.)

Ауриацәа гәырӷьон Иегова ицқьоу амҵахырхәара еиҭашьақәдыргыларц азы Вавилонынтә иқәҵырц дахьрыцхрааз (Аԥс 126:1—3).

Дара аус ду рзыԥшын, ирацәаны аџьабаа рбар акәын, иҟалап уи иахҟьаны дара ҵәыуозҭгьы (Аԥс 126:5; w04-U 1/6 16, абз. 10).

Дара ргәы камыжькәа аус руан, Иеговагьы урҭ дырзылԥхеит (Аԥс 126:6; w21.11 24, абз. 17; w01-U 15/7 18—19, абз. 13, 14; шәахәаԥш асахьа).

АЗХӘЫЦРАЗЫ: Армагеддон ашьҭахь ҳара ирацәаны аџьабаа ҳбар акәхоит, адгьыл ҩаԥхьа џьанаҭны иҟаларц азы. Иарбан уадаҩрақәоу усҟан ҳзықәшәар алшо? Дышԥаҳзылԥхо Иегова?

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 124:2—5. Иҳалшома ҳара Иегова израильаа шихьчоз еиԥш ҳаргьы ҳихьчалоит ҳәа ҳгәыӷлар? (cl-U 73, абз. 15).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 3, апункт 5).

5. Аинтерес еизшәырҳала

(4 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡатәи шәеицәажәараан Абиблиа иану шиашоу агәра сызгом ҳәа зҳәаз ауаҩы иацәажәара (lmd аурок 9, апункт 5).

6. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 155

7. Анцәа ҳзықәиргәыӷуа аԥсҭазаара даара ҳазыԥшуп

(15 мин.). Ахцәажәара.

Иегова еснагь ииҳәо наигӡоит. Уи Вавилонтәи атҟәараҿы иҟаз ауриацәа рҿырԥштәы ибзианы иаҳнарбоит. Анцәа урҭ ахақәиҭра риҭеит, доуҳалагьы ихәышәтәит (Иса 33:24). Иҟалап иара ауриацәеи урҭ ирымаз арахә-ашәахәи 70 шықәса иҭацәыз адгьыл аҿы зхыԥхьаӡара рацәахаз алымқәеи егьырҭ агыгшәыгқәеи рҟынтә ихьчозҭгьы (Иса 65:25). Ауриацәа ирылшон рхатә ҩнқәа рҿы инхалар, рӡахәаҭрақәа ирҿалоз ашәыргьы рфалар (Иса 65:21). Анцәа урҭ рџьабаа дазылԥхон, ашықәс рацәагьы нырҵон (Иса 65:22, 23).

Waterfall: Maridav/stock.adobe.com; mountains: AndreyArmyagov/stock.adobe.com

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Анцәа ҳзықәиргәыӷуа аҭынчра ахьыҟало адунеи даара ҳазыԥшуп» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥанаӡо иахьа арҭ аԥааимбаражәақәа?

  • Ишԥанаӡо урҭ инагӡаны адунеи ҿыц аҿы?

  • Иарбан ԥааимбаражәақәоу еиҳараӡак инаӡарц ишәҭаху?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 58, Анцәа иҳәара