Ноиабр 18—24
АԤСАЛОМҚӘА 107, 108
Ашәа 7, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)
1. Иегова иҭабуп ҳәа иашәҳәала, избанзар иара дқьиоуп
(10 мин.)
Иегова израильаа Вавилон ишалигаз еиԥшҵәҟьа, ҳаргьы ари Аҩсҭаа идунеи алҵра дҳацхрааит (Аԥс 107:1, 2; Кл 1:13, 14).
Иегова иаҳзыҟаиҵаз пату ақәаҳҵозар, уи ҳгәазҭанаҵоит аизараҿы ихьӡ аҭгара (Аԥс 107:31, 32; w07-U 15/4 20, абз. 2).
Иегова иааирԥшуа азиашара зныԥшуа абзиабара ҳазхәыцуазар, уи ҳгәазҭанаҵоит иаҳзыҟаиҵо зегьы ахә ашьара (Аԥс 107:43; wp15 1/1 8, абз. 4).
2. Адоуҳатә бырлашқәа
(10 мин.)
-
Аԥс 108:9. Ииҳәарц ииҭахызи Иегова Едом ссандалеимаа агәыдысҵоит ҳәа аниҳәа? (it-2-U 689, абз. 10).
-
Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?
3. Абиблиа аԥхьара
(4 мин.) Мк 6:14—29 (th аурок 5).
4. Ацәажәара шәалага
(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА (lmd аурок 1, апункт 4).
5. Аинтерес еизшәырҳала
(4 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы абиблиатә курс аӡбахә изеиҭаҳәа, нас уи акурс иазку аинформациа зну азхьарԥшга бӷьыц иҭ (lmd аурок 9, апункт 3).
6. Ажәахә
(5 мин.) ijwyp 90. Атема: «Ишԥасылшо иҽеим ахәыцра аҽацәыхьчара?» (th аурок 14).
Ашәа 46
7. Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәарц азы ашәа изаҳҳәоит
(15 мин.). Ахцәажәара.
Иегова Амшын ҟаԥшь азааигәара израильаа египеттәи ар рҟынтә ианеиқәирха, дара иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы ашәа изырҳәеит (Ақәҵ 15:1—19). Зегь раԥхьа ашәаҳәара иалагаз ахацәа ракәын (Ақәҵ 15:21). Актәи ашәышықәсазгьы Иисус иҵаҩцәеи иареи Анцәа дҳаразкуаз ашәақәа рҳәон (Мф 26:30; Кл 3:16). Иахьа Иегова имаҵ зуагьы урҭ ирҿыԥшуеит. Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы ашәа анаҳҳәо. Иаҳҳәап, уажәы иаҳҳәаз ашәа «Иҭабуп, Иегова» ҳаизарақәа рҿы 1966 шықәса инаркны иаҳҳәоит.
Культурақәак рҿы ахацәа егьырҭ ишырбо ашәаҳәара иацәыԥхашьоит. Даҽа шьоукы уи иацәыԥхашьоит, избанзар ашәаҳәара ибзианы ирзалҵӡом ҳәа ргәы иаанагоит. Аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ашәаҳәара Анцәа имҵахырхәара ишахәҭаку. Иегова иорганизациа имаҷымкәа аџьабаа абоит ҳара ирацәаны ашәа ԥшӡақәа ҳамазарц, иара убас аизарақәа рыпрограмма ианаало ашәақәа ҳҳәаларц азы. Ҳара иаҳзаанхаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ашәаҳәара ауп. Убасала жәҩантәи Ҳаб бзиа дшаҳбо, иаҳзыҟаиҵогьы ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит.
Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Ҳара ҳҭоурых: ԥхьаҟа ҳцоит. Иегова ашәала дҳарҽхәоит (ахәҭа 2)». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:
-
Иарбан ихадоу хҭысу 1944 шықәсазы иҟалаз?
-
Ишԥаадырԥшуаз Асовет Еидгылаҿы инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Аҳра ашәақәа рыхә шыршьоз?
-
Избан Иегова ишаҳаҭцәа рзы ашәаҳәара даара изхадоу?
8. Аизараҿы Абиблиа аҵара
(30 мин.) bt-U ахы 18, абз. 6—15