АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Аԥсҭазаара угәы ахшәазар
Иов ауадаҩрақәа данрықәшәа, иԥсҭазаара тәыс иҟоу ауаҩы иԥсҭазаара иаҿирԥшит (Иов 7:1; w06-U 15/3 14, абз. 10).
Иов игәы кыдгыланы дыҟан, убри аҟынтә игәҭыхақәа аартны аҳәара далагеит (Иов 7:11).
Иара сыԥсыр сҭахуп ҳәагьы иҳәеит (Иов 7:16; w20.12 16, абз. 1).
Уаргьы уаҳа улымшо аҟынӡа унеины уҟазар, Иегова зегь изеиҭаҳәа, насгьы доуҳала иӷәӷәоу уҩыза ухы шубо изеиҭаҳәа — уи угәы казыжьуа ахәыцрақәа риааира иуцхраар алшоит (g-U 1/12 16—17).