Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ажәабжь ануҳәо асаит jw.org ихадоу адаҟьа ухы иархәала

Ажәабжь ануҳәо асаит jw.org ихадоу адаҟьа ухы иархәала

Ҳсаит ихадоу адаҟьаҿы иаагоуп «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар зҭах[у]» ауаа аинтерес рызцәырызгар алшо астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рахь азхьарԥшқәа (Аус 13:48). Лассы-лассы уа иаагоу атемақәа ажәабжьқәа рҿы излацәажәо, ма аӡәырҩы ауаа ргәы иҵхо иазкуп.

Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳалшо ажәабжь анаҳҳәо асаит jw.org ихадоу адаҟьа?

  • Лассы-лассы ҳсаит уҭалала. Ихадоу адаҟьа аҟны аҟәша «Иалкаау» аҿы иҟоу уахәаԥшла, насгьы Анцәа иӡбахә ззеиҭауҳәо ауаа ирыхәар алшо уазхәыцла. Убасҟан ажәабжьҳәаразы еснагь иҿыцу ак уԥшаалар улшоит. (Ааигәа ари аҟәшахьы иҭагалаз егьырҭ аматериалқәа уԥшаарц азы акнопка «Еиҳаны еилышәкаа» уақәыӷәӷәа.)

  • Аицәажәара уалагарц азы ихадоу адаҟьаҿы иаагоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи ухы иархәала. Иҟалап уа зыӡбахә ҳәоу атемақәа уахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа аинтерес рызцәырнагар.

  • Ауаа ихадоу адаҟьа дырбала. Уара иулшоит узацәажәо ауаҩы еиуеиԥшым атемақәа дрызхьаурԥшыр, насгьы иара ииҭаху аинформациа иԥшаар шилшо иеилуркаар.

  • Афункциа «Егьырҭ рзышьҭра» ухы иархәала. Иҟоуп ҳара хаҭала ҳацәажәара зҭахым, аха ҳсаит аҭалара цәгьа изымбо ауаа. Ус еиԥш иҟоу ауаҩы ҳсаит ихадоу адаҟьахь, мамзаргьы статиак, ма видеонҵамҭак ахь уназго азхьарԥш изушьҭыр улшоит.