АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
Иубарҭоума уԥсҭазаашьала Иегова иӷәӷәаны бзиа дшубо?
[Идырба авидеонҵамҭа «Ашәҟәы Иов ахҳәаа».]
Аҩсҭаа иҳәеит Иов Иегова имаҵ зиуа бзиа дахьибо азы акәым, феида алигарц азоуп ҳәа (Иов 1:8—11; w18.02 7, абз. 16, 17).
Аҩсҭаа ҳара Иегова бзиа дҳамбошәа иҳәоит (Иов 2:4, 5; w19.02 5, абз. 10).
Иегова ҳара зегьы алшара ҳаиҭеит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәҳарӷәӷәарц (Ажәм 27:11). Ҳара Иегова даараӡа бзиа даҳбоит. Уи ус шакәу ааҳарԥшуеит имаҵ аура ҳаԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иахьҳаргыло ала — ауадаҩрақәа ҳрықәшәозаргьы-ҳрықәымшәозаргьы.