Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

Иегова ҳара ҳахь гәыкала иааирԥшуа абзиабара Аҩсҭаа имц аҟынтә ҳахьчоит

Иегова ҳара ҳахь гәыкала иааирԥшуа абзиабара Аҩсҭаа имц аҟынтә ҳахьчоит

Аҩсҭаа ауаа агәра диргар иҭахуп Анцәа ацәгьа рзиуашәа (Иов 8:4).

Иара агәра ҳиргар иҭахуп Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхоу-ҳаанымхоу хьаас имамшәа (Иов 9:20—22; w15-U 1/7 12, абз. 3).

Иегова ҳара ҳахь гәыкала иааирԥшуа абзиабара Аҩсҭаа имц иҵдыраареи еснагь гәыкала Анцәа изыҟазаареи иҳацхраауеит (Иов 10:12; Аԥс 32:7, 10; w21.11 6, абз. 14).

АЛАБЖЬАРА. Аԥышәарақәа уанрықәшәо, Иегова гәыкала уара уахь абзиабара анааирԥшуа аҭагылазаашьақәа гәаҭаны, уи џьара ианҵала, насгьы аамҭа-аамҭала уеиҭарыԥхьала.